АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2023

Владимир Џьабаров: Аԥсны адгылаҩцәа рыцхыраарала ахатәы шәарҭадара ахьчара азин амоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны, исуверентәу ареспублика аҳасабала, адгылаҩцәа рыцхырааралагьы уахь иналаҵаны,   ахатәы шәарҭадара ашьақәыргылара азин амоуп. Аԥсны, Очамчыра араион аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-Мшынтә Флот есымшатәи аҟазаара апункт ашьақәыргылара аперспектива дахцәажәо абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров.

«Еилкаау усуп, Аԥсны мраҭашәаратәи атәылақәа жәпакы рыԥсы азыцәгьоуп. Ари Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ауп, Амшын Еиқәа, уи мрагыларатәи ахәҭа ахылаԥшра дара рзы акырӡа аанагоит.  Сара сгәаанагарала, Аԥсны жәаҳәарада, Урыстәылатәи Афедерациа аԥхьа инаргыланы, адгылаҩцәа рыцхыраралагьы уахь иналаҵаны, ахатәы хьыԥшымреи ашәарҭадареи азхәыцреи ари азҵаара иара иахәҭоуп ҳәа ишаԥхьаӡо ала аӡбареи рзы азин нагӡаны иамоуп», – ҳәа Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи адискуссиақәа 15-шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва – Аҟәа – Цхьынвал ала дықәгыло  Владимир Џьабаров иҳәаз иажәақәа аанагоит ТАСС.

Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ТАСС аинтервиу аҭо, Очамчыратәи амшынтә баӷәаза аҿы Урыстәыла Арра-Мшынтә Флот рыҟазаара апункт ашьақәыргылара, ареспублика иахьаҵанакуа еизаку урыстәылатәи арратә база азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҿы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

Европа атәылақәа Реидгыла Аԥсны, Очамчыра араион аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-Мшынтә Флот есымшатәи аҟазаара апункт ашьақәыргылара аперспектива азы иҟалаз адыррақәа рганахьала ӷәӷәала агәҭынчымра аанарԥшит, избан акәзар, Бриусель агәаанагарала, уи Қырҭтәыла атерриториалтә акзаара еиланагоит.

Европатәи атәылақәа Реидгыла адәныҟаполитикатә Маҵзура ахаҭарнак иҟаиҵаз аҳәамҭа аҟынтәи иааугозар, ари ашьаҿа арегион аҿы аибарххареи аҭышәынтәалара аиԥҟьара ашәарҭареи  рырӷәӷәара  ахь  икылнагар  алшоит.  

 


Read 142 times - Ахаша, 11 Жьҭаара 2023 12:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.