Аԥсуа жәлар зегьи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ахәрақәа зауз иаарласны ршьапы иқәгыло, аиашьаратә Шьамтәыла жәлар зегьы рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзеиӷьасшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә телеграмма аҿы.
Атеррористцәа рнапхгарала пилотдатәи аԥырратә аппарат жьҭаарамза 5 рзы ақалақь Хомс иҟоу арратә ҵараиурҭа еихсит. Имҩаԥгаз атака иахҟьаны шә-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит.