АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Рашид Нургалиев иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа! 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәыԥсҭазаара аофицер гәымшәа изы иҿырԥшыганы иҟоуп. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны Шәара ҭакԥхықәра дула шәрызнеиуан шәнапы ианыз аҳасабтәқәа, есқьынгьы алҵшәа дуқәа раарԥшра шәылшон. Шәара шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара шәшазыҟоу, шәыпрофессионализм, азҵаарақәа рыӡбараҟны хьаҳәа-ԥаҳәарада аус шәазнеишьа хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵзуразы иҿырԥшыга бзиоуп. Иара убри иабзоураны Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟа еиԥш уи анҭыҵгьы ахьӡ-аԥша шәҽаԥсашәтәит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра апроблемақәеи аҭаххрақәеи рыӡбара аганахьала Шәара хаҭала иаашәырԥшуа ахшыҩзышьҭра, изеиԥшразаалак иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан адгылара аҟаҵара шәазхиара акыр пату ақәаҳҵоит. Хаҭала Шәара шәлгала дууп Аԥсни Урыстәылеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аҿы. Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсадгьыл амаҵура иазырхоу шәусура аринахысгьы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ишацхраало», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҟны.

Аслан Бжьаниа Рашид Нургалиев агабзиареи ахирреи анаҩстәи иусураҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит.

«Рашид Гумар-иԥа, аҭагылазаашьа схы иархәаны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, ақәра ду, шәнапы злаку амаҵзураҟны аихьӡарақәа», ҳа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

 

 

 

 


Read 234 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.