Ахә ашьара уадаҩуп Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара, уи адгылара ӷәӷәа аҭара, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ашәарҭадареи, асоциалтә-економикатә усеицзуреи, акультуратәи агәыҳалалратәи еимадарақәа рырӷәӷәараҟны аҳасабтәқәа рынагӡареи аҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа. Агәра згоит, ас еиԥш зышьаҭа ӷәӷәоу ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа есааира ишыҿиало, ишеизҳало.
Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети азинеиҟарареи иаарту адиалоги ҳаҭырқәҵарала азнеишьа ала ишьаҭарку ашәарҭадара иҿыцу архитектура ашьақәыргылара азы Урыстәылатәи Афедерациа аԥшьгарақәа адгылара анаҭоит», ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә текст аҟны.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада жьҭаарамза 4 рзы имҩаԥысыз аиԥылараан Аԥсны Аҳәынҭқарра ихадоу апроблемақәа рыӡбараан иааирԥшыз ахшыҩзышьҭреи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Аконструктивра злоу ҳдиалог ацҵара гәахәарыла исыдыскылоит, сазхиоуп аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла аусеицура», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьаишьеит агәабзиара, ахирра, инапы злаку аҭакзыԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзура аҿы аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи.
«Владимир Владимир-иԥа, аҵак ду змоу абри амш аҽны, гәыла-ԥсыла ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡара ҿыцқәа, аурыс жәлар зегьы - аҭынчреи, аизҳазыӷьареи», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны.