АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ихраҿа агаразы аҽырыҩраҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев дзықәтәаз аҽыҩ «Радеда».

Аҟәа. Жьҭаармза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿытә спорт азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа» агаразы атурнир мҩаԥысит жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы.

Аҽыбӷаҟазацәа  еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы быжь-еиԥхныҩларак мҩаԥыргеит, иара убас аҵәеигыдҵара, аҽытә шьапылампыл, уҳәа аицлабрақәа мҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аусмҩаԥгатә 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аҽытә спорт аспортсменцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала  иалагеит.  

1000 метрак рҟынӡа инаӡоз адистанциала аиԥхныҩлараҿы ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза Иури Бараҭелиа игәалашәара азы аԥхьахә агаразы аицлабраҿы раԥхьа иааит  аҽыбӷаҟаза Михаил Симанкин дзықәтәаз «Принцесса» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ.  Аҽы аԥшәма – Ахиллес Ашәба; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Ҭемыр Чхабелиа дзықәтәаз, «Виторгана» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ.  Аҽы аԥшәма – Дауҭ Дасаниа. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Терс» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Уи аԥшәма – Ахра Нодиа.

Аԥхьахәтә фонд – 100 нызықь мааҭ.

1200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы  ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Иаԥхьахә агаразы аицлабраҿы зегьы раԥхьа иааит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Аԥсила» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма –Ҭенгиз Ԥлиа; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыҩӷаҟаза Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз «Родина» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Беслан Барганџьиа; ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит аҽыбӷаҟаза Витали Агрба дзықәтәаз, «Валда» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Ислам Арӡынба.

Аԥхьахәтә  фонд – 150 нызықь мааҭ.  

1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы, ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса аҵра иазку Аԥхьахә агаразы аицлабраҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза  Дмитри Кардиа дзықәтәаз аҽыҩ «Аврора», аԥшәма  – Виачеслав Аиба, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза  Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз, «Викториа-Голд» ҳәа ахьӡ ҷыда  змоу аҽыҩ, аԥшәмацәа  – Дамири Адами Агрба; ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Ҭемыр Чхабелиа дзықәтәаз, «Натан» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Ислам Арӡынба.

Аԥхьахәтә фонд – 150 нызықь мааҭ.

1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы, хы-шықәса зхыҵуа, иара убас еиҳабу, ашьацқьа злоу  аҽыҩқәа рыбжьара, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз аибашьцәа Раԥхьахә агаразы аицлабраҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз «Абхазиан Сонг» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма –    Даур Агухав; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽжыбӷаҟаза Михаил Симанкин дзықәтәаз,  аԥшәма – Ахиллес Ашәба; ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза  Иури Озган дзықәтәаз,  «Паджеро» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма – Анри Лакоиа.

Аԥхьахәтә  фонд –  200 нызықь мааҭ.

2000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы, ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку Аԥхьахә агаразы аицлабраҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич дзықәтәаз, «Огнемет» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма – Милор Шәлымба, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Витали Агрба дзықәтәаз, «Доди Голди» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма –Дмитри Гәынба, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза, аҽы аԥшәма Џьубеи Аҩӡба дзықәтаз, «Абазгә» ҳәа ахьӡ ҷыда зоу аҽыҩ.

Аԥхьахәтә фонд - 250 нызықь мааҭ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ихраҿа агаразы аиԥхныҩлара аҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев дзықәтәаз, «Радеда» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма - Нодар Цишба. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич дзықәтәаз, «Максималист» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма – Алхас Абхазаа. Ахаԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Анастасиа Липень дзықәтәаз, «Изысканныи путь» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәмацәа –  Алиаси Саиди Абхазаа.

Аҽырыҩрақәа мҩаҵԥысуан 2400 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҟны. Аԥхьахәтә фонд 1 млн.  мааҭ рҟынӡа инаӡон.

3200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы, ашьацқьа злоу аҽыҩқәа рыбжьара, Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку Аԥхьахә агаразы аицлабраҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич дзықәтәаз, «Тапаз» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма  – Беслан Абхазаа; аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит аҽыбӷаҟаза Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз, «Совраи» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма  – Милор Шәлымба; ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Баҭал Ахсалба дзықәтәаз, «Наваро» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, уи аԥшәма – Џьон Табаӷәуа.

Аԥхьахәтә фонд – 250 нызықь мааҭ.

Аҽытә шьапылампыл азы аицлабрақәа рҿы Гагра араион Ахадара аҟынтәи Аԥхьахә агареи   1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҟны иҭахаз ргәалашәаразы аҵәеигәыдҵаразы аицлабрақәа рҿы еиндаҭлон Гагра ақалақьи Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭеи ркомандақәа. Аиааира агара рылшеит акоманда «Ҟәланырхәа» аҽыбӷаҟазацәа.

Заԥхьахәтә фонд 100- 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аицлабрақәа.

Атурнир аԥхьахәгаҩцәеи аиааира згази аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит, иара убас ирыҭан ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Владислав Арӡынба игәалашәаразы аԥхьахә агаразы аҽырыҩрақәа рҿы аиааира згаз аҽыбӷаҟаза убасҵәҟьа  амобилтә еимадара Аилазаара «Аҟәафон» аҟынтәи аԥаратә ҳамҭа ианашьахеит, Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку аиԥхныҩлара аҿы аиааира згаз амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» аҟынтәи аԥаратә ҳаҭа ианашьахеит.  

Аҽырыҩрақәа рыбжьара аԥсеиҭакрақәа раан хыԥхьаӡара рацәала иааз ахәаԥшцәа алшара рыман аԥсуа естрада артистцәа злахәыз, аконцерт, иара убас, аҽыспорттә клуб «Леон» ҷыдала еиҿнакааз арлахҿыхратә программа ахәаԥшра.  

 

 

 


Read 198 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 16:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.