АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жьҭаара.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс ақалақь аҿы имҩаԥгаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс ақалақь аҿы имҩаԥгаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит.

 

Адашшылараҟны иаҳәоит:

 

«Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Хомс ақалақь аҿы арратә коллеџь иазырхаз атеррористтә акт. Гәалсра дула ирыдашшылоит Шьамтәылатәи Арабтә республика аиҳабыра, ажәлар, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи. Ахәрақәа змоу иаарласны агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.

 

Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Феисал Аль Микдади ҭелла рҽеимардеит.

Шьамтәылатәи иколлега диҿцәажәо Инал Арӡынба жәаҩыла зыԥсҭазаара ҿахызҵәаз Хомс ақалақь аҿы арратә коллеџь иазырхаз атеррористтә акт иахҟьаны  иҭахаз рыуацәеи Шьамтәыла ажәлари анапхгареи дрыдышшылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.  

Аганқәа Израили Палестинеи рыбжьара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.


Read 203 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 17:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.