АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа 25 шықәса рыбжьара ауаажәларратә еиҿкаарақәа цәыббрамза  27, асааҭ 19:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы инеины 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз, аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь  агәаҿы анышә иамадоу аибашьцәа-фырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркуеит.   

Иахьа ахәылбыҽха, дара рхәыҷқәеи рмоҭацәеи рыцны Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы инеит.

Ари акциа амҩаԥгара аԥшьгаҩыс иҟоуп Агуманитартә Программақәа Рцентр.

«Аибашьра анеилга ашьҭахь хара имгакәа ҳара, Агуманитартә Программақәа Рцентр аусзуҩцәа, егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтәи ҳколлегацәа ҳацны, ахәылбыҽха, цәыббрамза 27 рзы Ахьӡ-Аԥша Апарк аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал ҳаҭаауан.  Убас ала уи традицианы ишьақәгылеит. Абар шьҭа ҩыжәижәаба шықәса раахыс, абри аныҳәатә мшы, Аҟәа ақалақь аӷа иҟынтәи ахақәиҭтәра амш азы ҳара идырым анышәынҭрақәеи иҭахаз аибашьцәа рыхьӡи рыжәлеи згәылԥҟаау амармалташь хаҳәҟьаԥсқәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи шәкыла агәалашәаратә цәашьқәа раркреи рзы абрахь ҳаауеит.  Ари акциа ҭынч имҩаԥысуеит, ажәахәқәа рҳәарада, амузыка абжьы агарада.  Ара ҳҩызцәеи ҳареи ҳаиԥылоит, урҭ рыбжьара имаҷым аветеранцәа, ҭынч ҳаицәажәоит, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәоит, 1993 шықәсазы иҟаз ари амш ҳгәалаҳаршәоит, аибашьраҟынтә изыхнымҳәыз ҳҩызцәеи ҳауацәеи иаҳзааигәоу ауааи ҳгәалаҳаршәоит, аха аиҳарак ҿаҳҭӡом, доусы ҳхәыцрақәа ҳрылоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит Агуманитартә Программақәа Рцентр адиректор Арда Инал-Иԥа.


Read 163 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 21:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.