АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәыалтәи еибашьра аҳәса-аветеранцәа ргәалашәарақәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәыалтәи еибашьра аҳәса-аветеранцәа Аԥсныпресс акорреспондентцәа ирыҿцәажәо   30-шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ргәаладыршәеит.  

Емма Инаԥшьба: «Сара Ҷлоу ақыҭан сиит, Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа аҿы аҵара сҵон, уи саналга ашьҭахь ԥыҭрак аус зуан, аха нас, 80-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь сусура аҟынтә самырхит. Уи ашьҭахь сара сыиаргеит Владислав Григори-иԥа иаԥиҵаз апартиа ахь.  

Сара аибашьра салагеит аԥснытәи аҩныҵҟатәи архәҭақәа рҿы, аибашьра шалагаз атәы саҳаит нанҳәамза  13-14 ауха, усҟан сара архәҭаҿы аус зуан. Нанҳәамза 14, асааҭ 12 рзы жәоухә минуҭк шагыз, Турбаза аҳаблаҿ, 14-тәи абжьаратә школ азааигәара ҳара раԥхьатәи аидыслара мҩаԥаагеит. Агвардиа сацны сара аибашьра зегьы схызгеит, аҩ-фронтк рҿы салахәын, Кәачара ақыҭа агара иазку аоперациа салахәын, Аҟәа ахақәиҭтәра салахәын.  

Уажәы Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеирохирургиатә ҟәша аҿы амедиаҳәшьас аус зуеит. Ҳара Аҟәа ақалақь ҳаналала, сара сшьапахьы ахәра соуит, убри иахҟьаны аҳҭнықалақь аӷа иҟынтәи аҭарцәра иазкыз аоперациа аҵыхәтәанӡа алахәхаразы алшара смоуӡеит. Аԥсны жәлар зегьы Аиааирамш рыдысныҳәаларц сҭахуп! Исҭахуп аҿар ахаангьы иақәымшәарц, ирымбарц ҳара иаабаз!» - ҳәа илҳәеит лара.

Жанна Мықәба: «Сара Бармышь ақыҭа салҵит, «Агәымшәаразы» амедал санашьоуп.  Зҳәымсагьи змаҵурҭеи ааныжьны еибашьра ицаз аԥҳәыс, Баалоу-ԥҳа Мадина длыдукылар ҟалоит.

Аибашьра иалахәыз аҳәса зегьы, – фырхацәоуп.  Сара Вианор Ашба акомандаҟаҵаҩыс дызмаз агәыԥ «Горец» салан. Гагра аҭарцәраан ачеченцәа ротриад аҿы сыҟан.  Ари амш иагьгәырӷьатәуп,  алахьеиқәрагьы ацуп. Анцәа иҳәааит уаҳа аибашьра ҟамло, уаҳа ашьа камҭәааит иԥшьоу ҳадгьыл аҿы».

Татиана Кочиева: «Сара жәаҩаҩык иқәыԥшӡаз хатәгәаԥхарауаа сыруаӡәкуп. Аԥсныҟа сааит Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика аҟынтәи сыԥшәма хаҵа сицны. Усҟан сара 16 шықәса заҵәык ракәын исхыҵуаз.  Аибашьра шыҟалаз атәы схаҵа иҟынтәи машәыршәа исаҳаит, иара иакәзар, Аԥсны аибашьра шалагаз атәы ателехәаԥшрала иаҳаит. Ҳара рашьцәа ирыцхраарц азы Аԥсныҟа иааз раԥхьатәи хатәгәаԥхарауаа ҳреиуоуп.  

Сара Аԥсны сынхоит 1992 шықәса раахыс, абар шьҭа  30 шықәса ҵуеит.  Сыԥшәма хаҵеи ҩыџьа сабхәындацәеи  срыцны шықәсык ирҭагӡаз иуадаҩыз аибашьра мҩа санысит. Схаҵа аибашьраҿы дҭахеит, сара сыԥсы еиқәхагәышьеит, нхара ҳәа Аԥсны сагьаанхеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ҿыц аҭаацәара салалеит. Иахьатәи амш азы ара ԥшьҩык ахшаара срануп, ԥшьҩык амоҭацәа сымоуп. Баша ирҳәаӡом, уахьиз акәӡам Уԥсадгьыл, уахьынхо, уахьыҿио ауп  уԥсадгьыл!

Иҳаҩсыз аамҭатәи ахҭысқәа сгәаларшәо, усҟан даара иуадаҩын аха ҳасԥсқәа еиқәхеит ҳәа сҳәар сылшоит. Аԥсҭазаара ишаҳнарбо ала, ауадаҩрақәеи аԥықәсларақәеи ауаҩы даӡрыжәуеит. Аибашьра ашьҭахь сара Леон Иордени «Агәымшәаразы» амедали санашьахеит.

Леон Иорден санаршьеит аԥшыхәратә гәыԥ «Сатурн-ураган» алахәхаразы, «Агәымшәаразы» амедал   –  амедицина-санитартә баталион алахәхара азы.

Лали Исиани: «Сара 17 шықәса ракәын исхыҵуаз еибашьра санцоз. Сара сашьа жьҭаарамзазы еибашьра дцеит, уи инаишьҭархны сара сыбналаны еибашьра сцеит. Сашьа сызлеицәозеи сара, сҳәон?  Ари сара Сыԥсадгьыл акәын ихьчатәыз, уи азы схы сеигӡомызт. Сеибашьуан аԥшыхәратә гәыԥ «Дракон» аҿы. Сгәыӷуеит, ҿыц еиҵагыло абиԥара ахаангьы аибашьра заку рбарым ҳәа.  Аиааира саԥылеит Егры аӡиас ахықәан. 1997 шықәсазы исанашьахеит «Агәымшәаразы» амедал.

 

 

 


Read 135 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 21:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.