Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аделегациа цәыббрамза 30 рзы иазгәарҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аҟәа ақалақь иаҭаауеит. Абри азы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Марииа Захарова лажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Агентра ТАСС.
«Аиубилеитә рыцхә инамаданы, ҳәа иазгәалҭеит лара, традициала ишаԥу еиԥш, ареспублика анапхгараҭара ахьӡала адныҳәаларатә цҳамҭақәа дәықәҵахоит, иара убас Урыстәылатәи аделегациа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥснаҟа ицоит», – ҳәа абрифинг аҿы дықәгыло илҳәеит Марииа Захарова.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Марииа Захарова, Аԥсны иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә ргылараҿы акыр аихьӡарақәа аанарԥшуеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Шьаҿа-шьаҿала аекономика аҽарӷәӷәоит, асоциалтә еиқәыршәареи ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа аҩаӡареи иазҳауеит, хадара злоу аинвестициатә проеткқәа рынагӡара мҩаԥысуеит, жәларбжьаратәи аимадарақәа рҳәаақәа есааира аҽарҭбаауеит, атәыла иаҭаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацлоит», – ҳәа илҳәеит Марииа Захарова.
«Урыстәыла, цәыббрамза 17, 2008 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиҩазыреи аусеицуреи наҟ-ааҟтәи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭреи абҵарамза 24, 2014 шықәсазы аҩ-тәылак ирыбжьарҵаз аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭреи, иара убас Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программақәеи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵара азы апрограммеи уахь иналаҵаны, акыр зҵазкуа аусшәҟәқәа инарықәыршәаны иарбоу апроцессқәа рҿы активла ацхыраара ҟанаҵоит», – ҳәа иазгәалҭеит адипломат.