АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

Роберт Киут: «Иахьа Аԥсны иахьаҵанакуа атеррористтә еиҿкаарақәа ыҟаӡам».

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекстремизм аедеологиа аларҵәара апроблема иазкны имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аконференциа зхы алазырхәуаз атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут  урыстәылатәи ателеканал ТВЦ аинтервиу аиҭеит.  

Ажурналистцәа рҭак ҟаҵо, Роберт Киут, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  анапхгараҭара раԥхьаӡа акәны  ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Ари аконференциа  аҿы аԥсуа ган раԥхьаӡа акәны ахы аланархәуеит, уи азы урыстәылатәи ҳколлегацәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

Аекстремизми атерроризми рҿагылара ахырхарҭала ҳара ҳҿы традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш активла аусура мҩаԥысуеит, иҟоуп алҵшәа бзиақәагьы, уи атәыла аҩныҵҟа  аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алнаршоит. Иааҳакәыршаны адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳасаб азуны, ҳалшарақәа аиҳарак аектремизми атерроризми рҿагылара ахырхарҭала ахархәара аиуоит.  

Ҳара аекстремизми атерроризми рҿагылара иадҳәаланы имаҷымкәа аҿырԥштәқәа ҳамоуп. Еиҳа иааигәаны иҟаз аҿырԥштәқәа иреиуоуп 2014 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵарақәа раан иҟаз ахҭысқәа. Усҟан урыстәылатәи азинхьчаратә усбарҭақәеи аԥснытәи азинхьчаратә усбарҭақәеи еилахәны имҩаԥыргаз ауснагӡатә иалҵшәаны Аолимпиада аплошьадкақәа рҿы атерактқәа рымҩаԥгаразы агәҭакқәа змаз атеррористтә еиҿкаара ду аарԥшын.  

Уи  иалаз ауаа ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәан, хыԥхьаӡара рацәала абџьари аџьаԥҳани рымхын. Иарбоу ахырхарҭала ҳара ҳҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура мҩаԥысуеит.

Сара иахьа Аԥсны иахьаҵанакуа атеррористтә еиҿкаара ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа исҳәар сылшоит», - ҳәа иазгәеиҭеит аинрал-маиор Роберт Киут.

Роберт Киут иара убас ас еиԥш аконференциақәа рымҩаԥгара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Ари аконференциа егьырҭ атәыла-алахәылацәа Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала атерроризми аекстремизми рҿагылараҿы ирымоу рԥышәа рымадаразы зеиӷьаҟам плошьадкоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.

Аконференциа цәыббрамза  26 – 27 рзы Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа  Рминистрра аҿы  имҩаԥысуеит. 


Read 97 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.