АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Алеко Гәарамиа ААУ аусзуҩцәа-аветеранцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааира Амшныҳәа  30-шықәса ахыҵра  аламҭалазы ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа ауниверситет аусзуҩцәа –1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа дырԥылеит.  ААУ аректор аветеранцәа дрыдныҳәалеит,  зегьы ирзеиԥшу аус аҿы рлагала азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит ААУ амедиакоммуникациақәеи аинформациаеи рыҟәша.

 «Аибашьра раԥхьаӡатәи амшқәа инадыркны шәара зегьы шәыжәҩахыр еибыҭа Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы шҩагылеит. Ҳара ҳусзуҩцәеи ҳастудентцәеи Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы афырхаҵарақәа аарԥшуа хацәнымырха еибашьуан.   Аибашьра ахь инагаз амҩа акыр имариамызт, ажәлар уи азы аӡәырҩы рыԥсы ақәырҵеит.  Зықьҩыла иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы - 96 ҩык ҳуниверситет арҵаҩцәеи астудентцәеи роуп. Иҭахаз афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәым!  Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Шәара ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, анасыԥ, аԥсуа ишықәснҵыра. Ҳара иҳамоу аҿар бзиа, шәара урҭ рзы шәҿырԥшыганы шәыҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит аректор.

Ари Аԥсны иқәынхо зегьы рзы иԥшьоу аныҳәа аламҭалазы Алеко Гарамиа зегьы аидгылареи аҳәоуеиқәшәареи аадырԥшырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит: «Аидгылареи апатуеиқәҵареи Аиааира Ду ҳаҭырла агәалашәареи иҳамоу аихьӡарақәа ирыцҵо ауп  ҳаԥхьаҟа иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, аизҳазыӷьара иаҿу аҳәынҭқарра аргыларазы аԥсуа жәлар абиԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииасуаз ргәазыҳәара анагӡара шалыршахо.  

ААУ аректор еизаз, Аиааира Амшныҳәа ду аҳаҭыр азы, Ауниверситет ахьӡала аветеранцәа аԥаратә ҳамҭақәа ранашьара азы аӡабмҭа рылеиҳәеит.  

Ахәҭакахьала, аибашьра аветеранцәа аректор аиԥылареи рганахьала иаарԥшыз агәцаракреи рзы иҭабуп ҳәа иарҳәеит.


Read 148 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 12:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.