АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2023

Аҟәа иҟоу Москва Аҩны ахыбраҿы урыстәылатәи аҳҭнықалақь амшира иазкны аџьаз адырҳәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҳҭнықалақь амшира иазку аџьазтә музыка ахәылԥаз мҩаԥысит ахәаша ахәылбыҽха, Аҟәа ақалақь иҟоу Москва Аҩны ахыбра аҿы.  

Москва Амш цәыббрамза актәи, мамзаргьы аҩбатәи асабшазы иазгәарҭоит.  Сынтәа Москва ақалақь иахыҵуеит 876 шықәса.

Ахылԥаз асасцәа рзы иқәгылеит амузыкатә проект «Голос» алахәыла Дениса Хагбеи урыстәылатәи  аџьазтә шәаҳәаҩы, аоркестр «БИГ БЭНД Сочи» асолистка Иулиа Алеқсеевеи рџьазтә коллектив. Аконцерт рхы аладырхәит иара убас Альдона Ҵкәуа, Армен Хачатуриани Иури Охочински. 

Амузыкантцәа астиль соул, фанк, блюз ала  аџьазтә нагӡарала илегендару адунеитәии урыстәылатәи ахитқәа нарыгӡеит. Убасҵәҟьа инарыгӡеит акомпозитор Тихон Хренников  апоет Михаил Матусовски иажәақәа рыла ииҩыз  ашәа «Московские окна», иара убас агәыԥ «Браво» ашәа «Этот город» автортә аранжировкақәа рыла инарыгӡоит.

Уаанӡа Аҟәа иҟоу Москва Аҩны Москва ақалақь Амш 876-шықәса ахыҵра инамаданы Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҿы аӡсразы аицлабрақәа мҩаԥнагеит.

Аусмҩаԥгатәқәа Москва Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент, Москва ақалақь аҳәынҭқарратә автономтә Усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа аусуратәии агуманитартәии аус рыцура Ацентр - Москватәи аидгьылҩы Иҩны», иара убас уи аҽга – «Москватәи аидгьылҩы Иҩны - Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» иҟарҵаз ацхыраареи адгылареи ирыбзоураны еиҿкаахеит.

 


Read 293 times - Асабша, 09 Цәыббра 2023 17:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.