Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра инамданы адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.
Адныҳәаларатә шәҟәы атекст, ахәҭакахьала иаҳәоит:
«Москвеи Аҟәеи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рҟазшьа змоу аусеицура зырҿио, аамҭа иаԥышәахьоу аиҩызара рыбжьоуп. Ҳара ҳаиднакылоит иаҳзеиԥшу акультура-цәаҩашәатә ориентирқәеи адунеихәаԥшратә шьақәгылареи, иаҳзеиԥшу аҭоурых адаҟьақәа рызгәдуреи».
Сергеи Лавров аҩ-ҳәынҭқаррак рыдәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рыбжьара ишьақәгылаз аусуратә еимадара аҩаӡара шыҳараку азгәеиҭеит.
«Уи Аԥсны жәларбжьаратәи авторитет ашьҭыхра, Кавказнҭыҵ ашарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара уахь иналаҵаны, актуалра злоу азҵаарақәа еффективла рыӡбара алнаршоит», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Сергеи Лавров Инал Арӡынбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлективи агәабзиара, аизҳазыӷьара, рнапы злаку рзанааҭтә усура аҿы аихьӡарақәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.