АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2023

Михаил Шургалин Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра инамданы дидныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра инамданы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы атекст, ахәҭакахьала  иаҳәоит:

«Арҭ ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура аидгылареи астратегиатә партниорреи рҟазшьа аархәеит. Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә Республика Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара ашьақәыргылара, асоциал-економикатә, акультура-гуманитартә хырхарҭала, иара убас жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи арегионалтә ҭышәынтәалара ашьақыргылареи рзы ганрацәалатәи ацхыраара аҭара иацнаҵалоит».

Михаил Шургалин Инал Арӡынбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлективи инарыгӡо адипломатиатә усура аҿы аихьӡара ҿыцқәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.  


Read 357 times - Асабша, 09 Цәыббра 2023 18:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.