АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Нанҳәа.2023

Аԥсеиқәырхаҩцәа нанҳәамза 20 рзы иӡыз ҩыџьа ахәыҷқәа рыԥшааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша ахәылбыҽхан, нанҳәамза  20 рзы, Волгоградтәи аобласть Череповец ақалақь аҟынтәи рҭаацәа ирыцны Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааз ҩыџьа ахәыҷқәа, Гәдоуҭа араион Мысра ақыҭа азааигәара иҟоу Шлыпра ҳәа изышьҭоу адгьылбжьахабжа иахьаҵанакуаз хабарда ибжьаӡит. Иахьа ашьжьымҭан урҭ рыԥшаара алыршахеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Аҭаацәа рхәыҷқәа шыҟам гәарҭеит  18 сааҭи 00 минуҭи рзы. Рхала, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхыраарала аԥшаарақәа ирылагеит, аха уи зегьы лҵшәадахеит. Анаҩс аԥсеиқәырхаҩцәа рахь ацхырааразы адҵаалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Гәдоуҭа араион ахьчаразы Амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аԥшааратә гәыԥ иҟалаз адырра ала 23 сааҭи 12 минуҭи рзы аҭыԥ ахь инеит», –  ҳәа иазгәаҭоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адырра аҿы.

Аԥшаарақәа рҿы ацхыраара ҟарҵон Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аусзуҩцәагьы. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирырҭеит. Урҭ рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рзы шәарҭара ыҟам.


Read 280 times - Ашәахьа, 21 Нанҳәа 2023 15:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.