АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Нанҳәа.2023

Аԥсны аҵара Аминистрра 8 – 9 - тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы арҵагашәҟәқәа ахԥатәи апартиа аиураны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҵарадырра Аминистрра Аԥсны аҵарадырра Аминистрра иазоунажьит 8 – 9 - тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы арҵагашәҟәқәа ахԥатәи апартиа. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны уи Аԥсныҟа иаашьҭхоит.

Уажәазы Аԥсны аҵара Аминистрра иаиураны иҟоуп 32 748 цыра арҵагашәҟәқәа, абарҭ амаҭәарқәа рзы: аурыс бызшәеи алитературеи, алгебра, Урыстәыла аҭоурых, азеиԥш ҭоурых.

Арҭ арҵага шәҟәқәа зегьы ареспублика ашколқәа рахь еихшахоит.

2022 шықәсазы 160 нызықь арҵагашәҟәқәа  1-7 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа ирызшахоит, 34 нызықь – 10-11 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа.  

Нанҳәамза, 2022 шықәсазы Аԥсныҟа 1 - 7 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы  иаашьҭын 160 нызықь рҵагашәҟәы.   Арҵагашәҟәқәа ҭнажьит аҭыжьырҭа «Просвещение» 2022 шықәсазы.

Абҵарамза, 2022 шықәсазы иааит арҵагашәҟәқәа аҩбатәи апартиа 10 – 11 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы абарҭ амаҭәарқәа рыла: агеометриа, афизика, ахимиа, абиологиа, агеографиа, аҭоурых, аурыс бызшәеи алитературеи.


Read 305 times - Ашәахьа, 21 Нанҳәа 2023 14:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.