АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2023

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны афотоцәыргақәаҵа аатит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы иҭахаз хатәгәаԥсарауаа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәаҵа аатит. Аекспозициа аҿы иҟоуп иара убас аинрал-леитенант Сосналиеви Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан еиԥш уи ашьҭахьгьы иҭахаз аҳәса-аибашьцәеи рфотосахьақәа.  

Афотосахьақәа рҟынтәи ацәыгақәаҵа иаҭаауаз ирыхәаԥшуан макьаназы акыр иқәыԥшыз, аха зхаҿсахьақәа агәаӷьреи ахачҳареи знубаалоз рсахьақәа. Аекспозициа агәҭаны иҟоуп хатәгәаԥхарала аибашьҩы №1 Сулҭан Сосналиев иԥсҭазаареи иусуреи  еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҟаҵаз ифотосахьақәа.

Ацәанырра ӷәӷәақәа узцәырнагоит хазы иҟоу азал аҿы ицәыргақәҵоу аҳәса-аибашьцәа рфотосахьақәа. Аҭааҩцәа урҭ акыр аамҭа изадымҵо иадгыланы иахәаԥшуеит. Афотосахьа ианыз аӡәырҩы хаҭала издыруаз рацәаҩын. Урҭ иахьа иҳавагылаӡам ҳәа ухахьы аагара уадаҩуп. Аха егьа ус иҟазаргьы, аԥсҭазаара аԥсра иаиааиуеит. Ахәаԥшцәа иргәаладыршәо иалагеит аибашьраҿы иҟалоз ахҭысқәа, убри аамҭазы афотосахьақәа ирныз ауаа рыԥсы ҭалазшәа унарбо иалагеит.

Афытоцәыргақәаҵа аартуа, амузеи адиректор, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беииа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз аиааира агаразы инарыгӡаз ароль ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара ҳзы даараӡа иуадаҩыз аамҭа азы, аҟазаареи аҟамзаареи ҳанҭагылаз иааны ҳаԥсадгьыл хәыҷи ҳауаажәлари рыхьчараҿы иҳавагылеит 13 тәыла рҟынтәи ҳашьцәа. Хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз рыбжьара имаҷымкәа аҳәсагьы ыҟан, урҭ ирылан зынӡа иқәыԥшӡазгьы, урҭ абџьари  ахәшәқәеи кны ахацәа иаарывагылеит. Зыҷкәынцәеи зыӡӷаԥцәеи рҭахара фырхаҵарыла изхызгаз анацәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит», - ҳәа илҳәеит лара.

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, «Аԥсны анацәа аҭынчреи социалтә иашареи рзы» ахеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычба усҟантәи аамҭа лгәаларшәо, аибашьра лара лзы зынӡа дшақәымгәыӷуаз иҟалеит, аха асааҭ 11 ҟамлацызт, хыԥхьаӡара рацәала аҿар Ацҳа Ҟаԥшь аҿы фырхаҵарыла аӷа ианиҿагыла ҳәа иазгәалҭеит.

«Аибашьра аҩбатәи амш азы ҳажәлар ргәы шьҭызхуаз ахҭыс ду ҟалеит, Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала ацхырааразы иаҳзааит ҳашьцәа. Уи аҩыза хашҭра ақәым. Ҳара уи наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит, ес еиҵагыло абиԥара ирызнагахалоит уи», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра Аԥсуа жәлар адагьы, хатәгәаԥхарала урҭ ирыцеибашьуазгьы ргәаҵаҿы ахәра ӷәӷәақәа ааннажьит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Урҭ усҟан иҟарҵаз ацхыаара атәы агәалашәара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Ҳажәлар ақәӡаара иацәызыхьчаз ҳашьцәа-хатәгәахарауаа усҟан иаадырԥшыз агымшәареи агәаӷьреи афырхаҵареи рзы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин нанҳәамза, 1992 шықәсеи рашәарамза 22,  1941 шықәсеи рыбжьара аналогиа ҟаиҵеит.  

«Нанҳәамза, 1992 шықәсазы Аԥсны жәлар  рыжәҩахыр еибыҭа ирывагылеит Урыстәылантәи хатәгәаԥхарауаа. Уажәы Урыстәыла инанагӡо иҷыдоу арратә операциа аҿы активла рхы аладырхәуеит Аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа. Уи зеиӷьаҟам ала иаҳнарбоит ҳажәларқәа ирыбжьоу аимабзиаратә, аишьаратә еизыҟазаашьақәа рнаҩс, астратегиатә партниорны ишыҟоу, аринахысгьы ус ишыҟало», – ҳәа иҳәеит урыстәылатәи адипломат.

Михаил Шургалин иара убас, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ареспублика аҿы аҭынчра шыҟало, насгьы  31 шықәса раԥхьа иҟалаз аибашьра уаҳа ахаангьы ишыҟамло азы агәра удыргоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара убас, аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит аӡәык-ҩыџьак ахатәгәаԥхарауаагьы. Урҭ ишазгәарҭаз ала, Аԥсны жәлар - ахацәа, аҳәса, ахыҷқәа, зегьы аӡәк еиԥш иаадырԥшыз афырхаҵара, Аԥсадгьыл азы ахамеигӡара ада, иагьа ацхыраара ҟаларгьы уи аиааира агара залшарымызт.

Афотоцәыргақәҵа нанҳәамза 31-нӡа аус аулоит. 

 

 

 

 


Read 164 times - Амҽыша, 20 Нанҳәа 2023 23:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.