АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2023

Аелита Ахьиба Шьамтәыла Ахада иԥшәмаԥҳәыс Асма Аль-Асад лыхьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа лышьҭит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Шьамтәыла Ахада иԥшәмаԥҳәыс Асма Аль-Асад лыхьӡала ҿыц ииз рҿы аҳара аорганқәа рагхара заанаҵы амедицинатә аарԥшреи ахәышәтәреи рзы амилаҭтә программа ахацыркра инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа лышьҭит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә нанҳәамза 12 рзы, Дамаск ақалақь аҿы, Шьамтәыла Ахада иԥшәмаԥҳәыс лнапхгаралеи лхылаԥшреи рыла  имҩаԥысуан. Аелита Ахьиба иарбоу аусмҩаԥгатә алахәхаразы ааԥхьара лыман.  

Аелита Ахьиба Аԥсны аҳәсақәа зегьы, анацәа зегьы рыхьӡала, хаҭала лара лыхьӡала шьамтәылатәи Ахада иԥшәмаԥҳәыс ари ихадоу ахҭыс лыдылныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шәара акыр зылшо, акыр здыруа аԥҳәыс лаҳасабала адунеи зегьы аҿы шәеицырдыруеит. Шәара шәыҳалалра, шәыԥшӡара, шәаамсҭашәара, иҳараку аҩаӡара змоу шәдыррақәа, иара убас шәеицамкра ирыбзоураны, арабтәи аԥҳәыс бзиа, ахатәҩыза, ан леталон шәоуп ҳәа уҳәар алшоит.  Машәыршақә иҟамлазар акәхап, Шара шәзы егьырҭ араԥ тәылақәа рҿы «Аԥааимбар Маҳамад иԥшәмаԥҳәыс леиԥшҵәҟьа иҟәышу, еицамкәа ахачҳара змоу ԥҳәысуп ҳәа ахьышәзырҳәо.  Шәара, Башара-Аль-Асад ихатәҩыза иаша, Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара аус аҿы шәарӷьажәҩаны шәивагылан.

Шәара аиаша иацәхьамҵуа, амчхара ду змоу ауаҩы иаҳасабала, ауадаҩрақәеи аԥынгылақәеи ирцәымшәакәа аԥеиԥш бзиа шыҟало азы агәра ганы еиҵамхарыла ԥхьаҟа ацаразы агәҭакқәа змоу зегьы рзы хра злоу ҿырԥшыганы шәыҟоуп.

Шьамтәыла еиԥш иааизакны жәларбжьаратәи арена аҿы иҟоу аҭагылазаашьа акыр ишымариамгьы, Шәара агәкажьра ҟамҵакәа хадара злоу аусура анагӡара шәаҿуп. Ахылаԥшра рышәҭоит зҭагылазаашьа уадаҩу зегьы: аибашьра аинвалидцәа, аиаҭымцәа, згәабзиара уашәшәыроу, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, уҳәа ацхыраара рыҭара иазку хыԥхьаӡара рацәала апрограммақәа, аиаҭымцәа, агәыҳалалратә фондқәа», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Илымоу алшара лхы иархәаны, Аелита Ахьиба Асма Аль-Асад лира Амш лыдылныҳәалеит. Лара Шьамтәыла Ахада иԥшәмаԥҳәыс илзеиӷьалшьеит агәабзиара, ачҳара, абзиара иазку лыгәҭакқәа зегьы рынагӡара, иара убас уи шьамтәылатәи ажәлар аизҳазыӷьареи аҭычреи рзеиӷьалшьеит.


Read 213 times - Амҽыша, 20 Нанҳәа 2023 20:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.