АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Нанҳәа.2023

Аинар Инарба акыр ирацәаны атәым мазара аӷьычразы ахара идҵоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1997 шықәсазы ииз Инарба  Аинар Иракли-иԥа,  акыр ирацәаны атәым мазара аӷьычразы ахара идҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аусеилыргара аматериалқәа рыла, Инарба Аинар, Бзыԥ аӡиас аҟәараҿы атәым машьына дҭаланы адокументқәеи аԥареи – 470 нызықь мааҭ  зҭаз арҭмаҟ иӷьичит. Аӷьычра аныҟаиҵа ашьҭахь, Аинар Инарба аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.  

Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи  Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи Гәдоуҭа араион ашьаусԥшааратә ҟәшеи роперативтә еилазаареи иарбоу ацәгьоураҿы игәҩароу ахаҿы дааныркылеит.

Иаанкылаз игаҭараан идырбалеит иагьимырхит иӷьычыз амазара ахәҭак. Ахара зду дырбаандаҩуп. Аинар Инарба иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155, ахәҭа  4 ала ихацырку ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша. 


Read 415 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.