АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Нанҳәа.2023

Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы атуризм Аминистрра иарбоу аҭыԥ аҿы аекскурсиатә автобусқәа раанкылареи атуристцәа рҭыжьреи рзы ақәиҭымзаара инамаданы иҟанаҵаз адҵа шыҟоугьы, хыԥхьаӡара рацәара ауааи атранспорти зну афотосахьақәа  цәырҵуеит.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк адиректор Адамыр Багаҭелиа иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит.  

«Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха апроблема макьаназы инагӡаны иӡбаӡам. Атранспорт ақәиҭымзааратә дыргақәа ахьышьақәыргылоу аҟынӡа инеиаанӡа, мамзаргьы, урҭ рнаҩс иаанкылоит. Ауаа аиҳарак шьапыла инеины инаԥшы-ааԥшуеит. Аекскурсиатә автобусқәа аҩхааҭшәа иахьаҵанакуа иаанкылаӡом. Аанкылара ақәиҭымтәра азы адҵа мышқәак раԥхьа ауп ианрыдыркыла, убри аҟнытә уи атәы макьаназы зегьы ирыздырӡом», – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор агәра ганы дыҟоуп мчыбжьык иалагӡаны аҭагылазаашьа инагӡаны ишҭышәынтәалахо.   

«Ҳара ииашоу амҩа алаҳхит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи зегьы заҟаҳҵо аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи ршәарҭадара азы ауп»,  – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба аекскурсиатә маҵзурақәа назыгӡо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны Адҵа инапы аҵаиҩит.  Адҵа ҟаҵан зегьы раԥхьаӡа иргыланы, атуристцәа ршәарҭадара азы. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иарбоу аҵакыраҿы лассы-лассы ахаҳәлеира ҟалоит.

Ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҷыдалкаатә хҭыс ҟалеит. Ахаҳәлеира иахҟьаны дҭахеит 1996 шықәса рзы ииз атурист Вишниаков Владислав Сергеи-иԥа. Уи ицыз 28- шықәса зхыҵуа Пенза ақалақь инхо аԥҳәыс лшьапы ԥҵәеит, уи ахәышәтәырҭахь днаган. Даҽа амашәыртә хҭыс ҟалеит нанҳәамза 11 рзы, усҟан ибӷаз ахаҳәқәа амаршруттә такси иақәҳаит.   Усҟан Анцәа иџьшьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.

 

 


Read 394 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.