АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Аӡбаҩцәа Рхеилак апрокурор Хада икритикатә згәаҭарақәа иақәнагам, насгьы аӡбаратә мчра аҳаҭыр лазырҟәуа ҳәамҭақәаны ирыдыркылоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩбцәа Рхеилак апрокуратура Хада аколлегиа аҿы апрокурор Хада аӡбаҩцәа русура инамаданы иҟаиҵаз акритикатә згәаҭарақәа рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Нанҳәамза 7, 2023 шықәсазы имҩаԥысит ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы имҩаԥгаз аусура иазкыз Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара.  

Аколлегиа аилатәара аҿы апрокурор Хада Адгәыр Агрба амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа шыҟаз, аӡбаратә мчра акритика азиуит. Убри аан уи абас иҳәеит: «…акоррупционерцәа аузыжьҭуа аӡбаҩцәа ахьырхәра иақәыршәамзар, Ашьаустәи Ашьаусмҩаԥгаратәи Азакәанеидкылақәа аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагаламхар, усҟан апрокуратура аганахьала аринахысгьы акоррупциатә усқәа рыла изеиԥшразаалак активра зыҟалаӡом».

Нанҳәамза 16, 2023 шықәсазы апрокурор Хада иҟаиҵаз аҳәамҭа инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рхеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥган. Араҟа апрокурор хада иҳәамҭақәа рганахьала агәынамӡареи агәҭынчымреи аарԥшхеит.  

Аӡбаҩцәа Рхеилак аҿы Адгәыр Агрба иажәақәа аӡбаратәии азакәанԥҵаратәи амчрақәа раҳаҭыр лазырҟәо, иахәҭам цәажәарақәаны ирыԥхьаӡеит.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 7 аҳәынҭқарратә мчра азакәанԥҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи рыла аихшара апринцип шьақәнарӷәӷәоит. Иарбоу амчра ахырхарҭақәа зхала иҟоу, зхыдҵақәа рынагӡараҿы ихьыԥшым амчратә структурақәоуп.  

Аҳәынҭқарра азакәан Хада ишышьақәнарӷәӷәаз ала, аӡбаратә мчра егьырҭ амчрақәа, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ирхьыԥшымкәа ахатәы зинмчы нанагӡоит. «Аӡбаратә мчра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 89 инақәыршәаны, аӡбаҩцәа  изкьысыр ҟамло, ихьыԥшым, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, аконституциатә закәанқәа мацара иацныҟәо, уаҳа ҽаџьара аҳасабырбатә хаҿны иҟам хаҿқәоуп.  

«Аӡбаратә мчра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 92 инақәыршәаны, аӡбаҩ иусура аҽалагалара ақәиҭымзаара апринцип шьақәнарӷәӷәоуп. Аӡбарҭа аҳаҭыр ақәымҵара ҟалаӡом.

Аӡбаҩ иганахьала алеишәатә аиакәымура аҭыԥ аиур, усҟан дарбанызаалак ауаҩы Аԥсны аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахь азашшра дәықәиҵар алшоит»,  – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны аӡбаҩцәа Рхеилак иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Убри аан, аӡбаҩцәа Рхеилак, апрокурор Хада ила дарбанызаалак аӡбаҩ иганахьала изеиԥшразаалак алеишәатә аиакәымура аҭыԥ аман ҳәа Аквалификациатә коллегиа ахь азашшра аашьҭымызт ҳәа  инаҵшьны иазгәанаҭоит.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала имҩаԥгаз азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыла изхәаԥшыз акоррупциатә хырхарҭа змоу аусеилыргарақәа рзеиԥшыркра ишаҳнарбо ала,  зынӡа азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа рыла ажьырныҳәамза 1, 2020 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәсанӡа  иахәаԥшит  1330 аусеилыргарақәа, урҭ рахьынтә  5 заҵәык роуп иарбоу акатегориа иаҵанакуа, урҭ зегьы рыла ахарадҵатә ӡбамҭақәа рыдыркылеит.  

«Зус рыӡбо ахьырхәра аҟынтәи иақәиҭызтәуа ариашаратә ӡбамҭақәа рыдкылара иадҳәалоу афактқәа аарԥшӡам», - ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит аӡбаҩцәа Рхеилак.

Апрокуратура зԥыхра азы ажәалагала ҟанаҵо аҩнытә баандаҩтәра ҳәа изышьҭоу ахьырхәратә уснагӡатә акәзар, уи аӡбаҩцәа Рхеилак агәаанагарала, «хазы игоу ацәгьоурақәа заанаҵтәи русеилыргара амҩаԥгараан ахархәара зауа, аамҭала ацәгьоураҿы игәҩароу изинқәа рыԥкра иазырхоу ахьырхәратә усмҩаԥгатә, аусеилыргара алҵәшәақәеи ахьырхәра азы азыӡба адкылареи рзы изеиԥшразаалак анырра анаҭаӡом».

«Аԥсны апрокурортә усзуҩ иетикатә Закәанеидкыла инақәыршәаны, апрокуратура аусбарҭақәа рҿы аусура иамоу аҷыдарақәеи иацу аԥхықәреи ҳасаб азуны, ишьақәырӷәӷәоуп апрокурортә усзуҩ изы имаҵуратәи имаҵура анҭыҵтәи аусураан зынагӡара хымԥадатәиу ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа. Апрокурор имаҵуратә ҭакԥхықәра анагӡараан Аԥсны Аконституциа, аконституциатә закәанқәеи азакәанқәеи рықәныҟәареи, хыхь иарбоу Азакәанеидкыла ала ишьақәырӷәӷәоу ахымҩаԥгара аԥҟарақәа рынагӡареи, аамсҭашәара аарԥшреи аӡбарҭа ҳаҭырқәҵарала азнеиреи рҿы дҿыԥшыганы аҟазаара хымԥада ихәҭоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәаҭоуп аӡбаҩцәа Рхеидкыла аҳәамҭа аҿы.

«Ас еиԥш аҭыԥ ду аанызкыло ахаҿы ила абри аҩыза аҟазшьа змоу аҳәамҭақәа зегьы ирбартә-ираҳәартә аҟаҵара, жәаҳәарада иақәнагам, ахәҭакахьала  аӡбаратә мчреи, иааизакны аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи русбарҭақәа, иара апрокуратура аусбарҭақәагьы уахь иналаҵаны, аҳаҭыр лазырҟәуа, насгьы  ауааԥсыра амчра ахь рыгәрагара ҵызшәаауа ҳәамҭақәаны иҟоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп аӡбаҩцәа Рхеидкыла иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рхеилак апрокурор Хада ас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа зегьы ирбо-ираҳауа аҟаҵара шихәҭам, уимоу уи егьырҭ амчратә структурақәа ақәыӷәӷәара рыҭара аҽазышәара акыр ешеиԥшу, убри аҟнытә ас еиԥш ахымҩаԥашьа мап ацәкра еиҳа ишеиӷьу азы абжьгара ҟанаҵоит.  

 

 

 


Read 357 times - Амҽыша, 20 Нанҳәа 2023 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.