Аусмҩаԥгатә аҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Урҭ абарҭ атемақәа ирызкын:
– агуманитартә усеицура амҩаԥгара, ажурналистика аусхкы аҿы апроектқәа реицынагӡара уахь иналаҵаны;
– Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы Инапхгаратәым Аиҿкаарақәа рԥышәа ду ахархәара;
– Аԥны Аҳәынҭқарра аекономика ареалтә сектор аҿиара хықәкыс иҟаҵаны, Урыстәылатәи Афедерациаҿы акадрқәа разыҟаҵара алыршара;
– «Аҳәаанырцәтәи анырра аҵаҟа иҟоу ауаа русура ахылаԥшра аҭара азы» Азакәан ишиашоу аҟаҵашьа аҿҵаареи ахархәареи рзы ашәарҭара;
– Идуу апроектқәа реицынагӡараан Аԥсны амилаҭтә фактор ҳасаб азура ахымԥадатәра;
– Аиуристтәии аекономикатәи аԥшьгарақәа заанаҵтәи ахәаԥшеи аусдулареи рзы аексперттә плошьадкақәа русура ахықәкы ахадара аилкаара.