АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Аԥсны аҵара Аминистрреи урыстәылатәи аиҿкаареи «Амҩаҿы аныҟәара аинспектор қәыԥшцәа» аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы I  Урыстәылазегьтәи афорум аҿы Аԥсны  аҵара  Аминистрреи  амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара апропаганда азы урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә уаажәларратә еиҿкаареи  «Амҩаҿы аныҟәара аинспектор қәыԥшцәа» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Амҩаҿы аныҟәара аинспектор қәыԥшцәа ротрядқәа – амҩатә ԥҟарақәа рзы ироуз адыррақәа рхархәареи аҭакԥхықәрара, амҩатә ныҟәара алахәылаҩ икультура  рылааӡара, иара убас ахәыҷқәа  амҩатә шәарҭадара азы аԥҟарақәа  рынагӡара азы ашколхәыҷқәа рыла иаԥҵахо хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаарақәа роуп.


Read 427 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 19:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.