АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека А. Солженицын ихьӡ зху аурыс ҳәаанырцәра Аҩны аҟынтәи ашәҟәқәа рпартиа ҳамҭас иаиуит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека «Алеқсандр Солженицын ихьӡ зху аурыс ҳәаанырцәра Аҩны» аҟынтәи ашәҟәқәа рпартиа ду ҳамҭас иаиуит.

«Ҳара ҳфонд зеиӷьаҟам асахьаркыратә литература, арҵагатә цхыраагӡатәқәа, аҭоурыхи алитературеи аҟазареи акультуреи рзы ашәҟәқәа рыла ихарҭәаахеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Феисбук иҟоу абиблиотека адаҟьа аҿы абиблиотека адиректор Борис Ҷолариа.

«Алеқсандр Солженицын ихьӡ зху аурыс ҳәаанырцәра Аҩны» — зусура аурыс ҳәаанырцәра  акультуратә ҭынха аҭҵаара, иара убас Урыстәыла анҭыҵ иҟоу аидгьылуаа рымадареи реимадареи аҿиареи арӷәӷәареи иазырхоу  амузеи, архив, абиблиотека, анаука-ҭҵааратә, аинформациа-ҭыжьратә, акультура-рккаратә центрқәа рыла ишьақәгылоу ауникалра злоу акомплекс ауп.

Иахәҭоу аусдуларақәа рышьҭахь, ашәҟәқәа Аԥсны амилаҭтә библиотека афонд аҿы ирыхәҭоу аҭыԥ ааныркылоит. Урҭ раԥхьареи рхархәареи рзы алшара роуеит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы.

Абиблиотека аусзуҩцәа «Алеқсандр Солженицын ихьӡ зху аурыс ҳәаанырцәра Аҩны»  анапхгараҭара Аԥсны ашәҟәытә фонд аҿиара аҿы рлагала азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.


Read 323 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 19:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.