АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Акоммуникациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институти рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәларбжьаратәи афорум «Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа ала ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15 шықәса аҵра» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Акоммуникациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институти (Москва, Урыстәыла) рыбжьара аусеицуразы агәҭакқәа рыԥканҵа анапаҵыҩра мҩаԥысит.  

 Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиеи Акоммуникациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институт анаукатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Валентина Комлевеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша. 

 

 


Read 363 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 17:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.