АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Аекономика Аминистрра: Аԥсны абылтәы ахәԥса азҳара Урыстәыла аџьармыкьа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ишиашоу иадҳәалоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аекономика Аминистрра аҿы анефтьаалыҵқәа рыхәԥсақәа рганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.

«Аԥсны абылтәы ахәԥса азҳара Урыстәыла аџьармыкьа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ишиашоу иадҳәалоуп, уи еиуеиԥшым афакторқәа рыла иаарԥшхоит.  Раԥхьа иргыланы, уи – аҭаххареи адгалареи реизышәара ауп, анефть ахәԥса, адоллар акурс, Анефть аусдуларатә Зауадқәа рҿы планла иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, ашәахтә қәыӷәӷәара аҩаӡара, абылтәы азы аҭаххара есымшагьы иацызҵо аԥхынтәи аԥсшьараамҭатә сезон», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны аекономика Аминистрра иҟанаҵо аҳәамҭа аҿы.

Убас,  2023 шықәса алагамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿы абылтәы амарка АИ-92 литрак аахәаразы ишәатәхон: жәабранмза-хәажәкырамзазы – 33,50 – 35,0 мааҭ, мшаԥымзазы - 40,0 - 41,60 мааҭ, ԥхынгәымза-нанҳәамзазы - 51,0 - 52,0 мааҭ рҟынӡа.  

Атауарқәа рыхәҳаахәҭразы арежим азы Аԥсны Урыстәылеи ирыбжьоу Анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу Аԥсныҟа анефтьаалыҵқәа абаџь ахшәаарада раагара амеханизм аус ауеит, аха аҳазылхратә баџь илаҟәу аҩаӡара –  тоннак азы 5 долларк, мамзаргьы   тоннак азы 500 мааҭ, анефтьаалыҵқәа аҵыхәтәантәи рыхәԥса ашьақәыргылараҿы иааубаратәы анырра анаҭаӡом.

Аԥсны анефтьаалыҵқәа рыхәԥсақәа ашьақәгылара анефтьаалыҵқәа раахәаратә хәыԥсеи иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтәи (10%), аҳазылхратә еизгеи (1%), иара убас асертификациа азы ашәатәы (0,1%), абылтәы аагареи аҵәахреи рзы амаҵзурақәа рыхәԥса, уҳәа ҳасаб азуны имҩаԥысуеит. Анаҩс абылтәы аизакылаҭиреи азаҵәылаҭиреи рымҩаԥгараан абиуџьет ахь ишәатәхоит абылтәи ахьшьтәи рыҭиразы ашәахтә. Аизакылаҭира ахәԥса ашьақәырӷәӷәараан хымԥада ҳасаб азухоит уаанӡа иаахәаз анефтьаалыҵқәа рцәынхақәа амҽхаки урҭ рыхәԥсеи.

Абылтәы амарка АИ-92 литрак азы азаҵәылаҭиратә хәыԥса Аԥсны абылтәыҭирҭақәа рҿы рдинамика жәабранмза  2023 шықәса инаркны, Урыстәылатәи Афедерациаҿы абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра инамаданы абасала ишьақәгылеит: жәабранмзазы - 40,0 - 41,50 мааҭ, хәажәкырамзазы – 43 мааҭ, мшаԥымзазы - 43,0 – 45,0 мааҭ, рашәарамзазы - 49,0 - 50 мааҭ, ԥхынгәымзазы – 52 - 55 мааҭ, нанҳәамзазы - 55 – 59 мааҭ. Ахәԥсақәа рҽыԥсахра абылтәытә џьармыкьа алахәылацәа иаархәо анефтьаалыҵқәа рыхәԥсақәа ирыдҳәалоуп.

Уажәы иҟоу, ахәаахәҭратә цҵа ашәагаа алагаларатә хәыԥсеи ахарџьқәеи рахь рхархәара ала ишьаҭарку ахәԥсақәа рҭышәынтәалара амеханизм аеффектра алоуп, уи ахәԥсақәа рҽеиҭакра аоперативла ақәҿыҭра азы алшара аԥнаҵоит. Уи аус шауа аабаратәы ҳаҟан абҵарамза, 2022 шықәса инаркны мшаԥымза, 2023 шықәсанӡа иҟаз аҭагылазаашьа аан. Усҟан анефтьаалыҵқәа рыхәԥсақәа 2018 шықәсазы иҟаз аҩаӡара аҟынӡа аларҟәра алыршахеит. (Абылтәы амарка АИ-92 литрак азы 38,90 мааҭ).


Read 359 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 17:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.