АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Аԥснытәи аделегациа адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум рхы аланархәуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуеит адипломат ҿарацәа еидызкыло  VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснытәи аделегациагьы.

Афорум атема хаданы иҟоуп иҿыцу азинеиҟаратә дунеи адипломатиеи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аинформациатә шәарҭадареи.

«Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит адипломат ҿарацәа Жәларбжьаратәи рассоциациа алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазку аофициалтә церемониа, иара убас хазы игоу аделегациақәа рыбжьара аҩганктәи аконсультациақәа мҩаԥгахоит. Афорум аусура аҵыхәтәантәи амш азы аихшьаалатә усшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥгахоит. Уи Урыстәылеи уи апартниорцәеи жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иаҵанакуа азҵаара хадақәа рзы еиқәышаҳаҭу разнеишьақәа аанарԥшуеит, иара убас адипломат ҿарацәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара азы еффективла иҭышәынтәалоу акоммуникациа ашьақәыргылара ишазхиоу арҵабыргуеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ «Республика Татарстан».

Афорум аиҿкааҩцәас иқәгылоит Татарсҭан аҿар русқәа рзы Аминистрра, ауаажәларратә еиҿкаара «Аҿартә политика Академиа»,  А.М.Горчаков ихьӡ зху ауаажәларратә дипломатиа адгылара аҭаразы Афонд, уҳәа рыцхыраарала                        Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак.


Read 332 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 16:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.