АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

«...Ар аибашьраан аиааира агара рылзыршо адыррақәа рыҭара ахәҭоуп».

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьармчқәеи Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәеи еицынарыгӡо арратә ҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, 2023 шықәса, нанҳәамза 21 инаркны цәыббрамза 1-аҟынӡа Гәылрыԥшь, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа иахьрыҵанакуа  иҷыдоу, аԥырратәии атактикатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – архәҭақәа арратә хыдҵәақәа рынагӡараан рырратә зыҟаҵареи рылшарақәеи рыҩаӡара ашьҭыхра. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азеиԥш напхгараҭара нанагӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыштаб Хада.


Read 363 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.