Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аужьҭратә лшара иҟоу анорма бжьынтәы иахысит. Аԥсшьарамшқәа раан аҳәаа иахысуа автомашьынақәа рхыԥхьаӡара акыр иазҳауеит, усҟан иҟоу атуристцәа ирыцлоит мышкы-ҩымш ҳәа Аԥсныҟа ицо аԥсшьаҩцәагьы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь ала аҳазылхра апресс-маҵзура.
Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ Адлер – уахыки ҽнаки рыла иахысуан 1,5 нызықь машьына, уажәы уи иахысуеит 11 нызықь автотранспорттә хархәагақәеи 68 нызықь аҩган рахь ицо ауааԥсыреи.
Нанҳәамза 13 рзы иреиҳаӡоу (амаксималтә) атрафик шьақәыргылан — аҳәаа иахысит 70 нызықь инарзынаԥшуа ауааԥсыра, ари ацифра арекорд шьақәнаргылеит, уи 2022 шықәса рзы иҟаз арбага иахысит. Усҟан иарбоу аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ мышкала иахысит 66 нызықьҩык.
Акурорттә аамҭахәҭа ианалага инаркны аҳәаа иахысхьоу рхыԥхьаӡара 5 миллионҩык рҟынӡа инаӡахьеит, иара убас аҳәаа иахысит 800 нызықь инарзынаԥшуа автотранспорттә хархәагақәа, урҭ рахьынтә 30 нызықь — аекскурсиатә автобусқәа роуп. Аҩганк рахь аиасразы иаартуп 27 цәаҳәа, хазы игоу ацәаҳәа аекскурсиатә автобусқәа ирызкуп.