АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аруаҩҿыцқәа аҭоуба шьҭарҵеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа. Ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аспециалист еиҵбацәа разыҟаҵаразы арҵаратә центр аруаҩҿыцқәа рҭоуба ашьҭаҵара иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Аруаҩҿыцқәа аԥсыдгьыл гәыкала азыҟазааразы аҭоуба шыҟарҵо гәеиҭарц дааит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы,  аинрал-маиор Дмитри Дбар. Аруаҩҿыцқәа зегьы аԥсышәала аҭоуба руит.

Аҭоуба аҟаҵара иазкыз ацеремониа иара убас рхы аладырхәит аруаҩҿыцқәа ркомандаҟаҵаҩцәа, урҭ рҭаацәа, рыуацәа, рҭахцәа, рҩызцәа.

Аинрал Дмитри Дбар иҟаиҵаз абжьгаратә ажәахә аҟны Арратә ҭоуба аура амш –дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаара акырӡа зҵазкуа амшқәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Аҩызцәа асолдаҭцәа, шәара иахьа ишахәҭоу ала шәырратә уалԥшьа шынашәыгӡо, шәыԥсадгьыли шәыуаажәлари рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рыхьчаразы шәхы шәшамеигӡо азы ҭоуба жәуит. Агәра ганы ҳаҟоуп, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәанрылагыла ашьҭахь, шәуалԥшьа хьыӡла ишынашәыгӡо. Агәаӷьра змоу, афырхаҵара злоу ҵеи иашаны шәҟалааит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.  

Аҭоуба аҟаҵара ашьҭахь, аруаҩҿыцқәа ирымоу ацәаҳәақәгыларатә зыҟаҵара аадырԥшит, ркомандаҟаҵаҩ еиуеиԥшым ирратә дҵақәа нарыгӡеит. 

 

 


Read 300 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 23:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.