АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

С. Дбар ихьӡ зху амузеи аҿы архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа аатит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаатит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш иазку архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа.

Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба есышықәса афотосахьақәа рархив харҭәаахоит, иҳаҩсыз ашықәс азы урҭ рхыԥхьаӡара  293 рҟынӡа инаӡозҭгьы, уажәы амузеи аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахар алшоит 346 фотосахьа ҳәа иазгәалҭеит.  Лара афотосахьақәа амузеи ахь иаазгаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Гәыгәыца Џьыкрба лажәақәа рыла, амузеи аҿы Аԥсны ацхырааразы зегьы раԥхьаӡа иааз иреиуоу аинрал Сулҭан Сосналиев икабинет ыҟоуп. 

«Иара лассы-лассы амузеи даҭаауан, есымша дтәаны ашәҟәқәа иҩуан. Амузеи аҿы иаанханы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала иара инапы иҵыҵыз анҵамҭақәа. Урҭ рахьынтә имаҷымкәа аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.

Ацәыргақәҵа аус аулоит нанҳәамза 29 аҟынӡа. августа. 


Read 258 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 19:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.