АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҵакҷыда змоу Ацентр аҿы аҵаратә гәыԥқәа рыбжьара аԥхьахәгара мҩаԥысит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа идҵа ала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура  аҵакҷыда змоу Ацентр аҿы аҩаша, нанҳәамза  15 рзы, Ацентр аинструкторцәа рнапхгарала аҽазыҟаҵарақәа ирхысуа аҵаратә гәыԥқәа рыбжьара аԥхьахәгара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.  

Аԥхьахәгара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу аштанҭыҵтәи арратә гәыԥ, ашәахтә маҵзура, аминистрцәа Реилазаара, Амилаҭтә банк, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара», Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны аихамҩа» аусзуҩцәа, иара убас атәылауаҩратә резервистцәа ргәыԥқәа рыла еилоу акомандақәа.

Аԥхьахәгара ахықәкы хадақәа рахь иаҵанакуеит – агәыԥқәа рыҩныҵҟа еиқәшәаны аусуреи иалкаау аамҭа иҭагӡаны атактикатәи аибашьратәи ахыдҵақәа рынагӡара. Аус рыдулара мҩаԥган абарҭ аелементқәа: мцала аҽыхҩарала аусзуҩцәа рхыдҵақәа рынагӡара, еиуеиԥшым абџьар ала ахысра, ахәра зауз аҳақьымнӡатәи актәи амедицинатә цхыраара рыҭара, хаҭалатәи аилазаара анапхгараҭара азы акомандаҟаҵаҩ иусура.

Аицлабрақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭарц азы  арахь имҩахыҵыз Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо аполковник Ҭемыр Ахьиба алҵшәа бзиақҵәа раарԥшра алыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиааира згаз ралкаара аԥынгылақәа рахысра зегьы раасҭа ирласны изылшаз рыбжьара имҩаԥысит. Актәи аҭыԥ ааннакылеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны амшынӷбаныҟәара» акоманда, аҩбатәи – акоманда «Кристалл» арезервистцәа, ахԥатәи аҭыԥ  - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу аштатнҭыҵтәи арратә гәыԥ. Аицлабрақәа рышьҭахь аиааира згаз зегьы аҳамҭақәеи ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахеит.


Read 245 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 20:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.