АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2023

Абԥснытәи аруаа жәларбжьаратәи ашәарҭадаразы XI Москватәи аконференциа рхы аладырхәраны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоуп жәларбжьаратәи ашәарҭадаразы XI Москватәи аконференциа.

Аконференциа аиҿкаара ахахьы иагеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо атәылахьчара Аминистрра аделегациа аконференциа ахы аланархәраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.   

Шәкы инареиҳаны атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи афорум алахәхаразы ааԥхьара рыҭахеит.

Аконференциа жәларбжьаратәи арра-техникатә форум Ар-2023 аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

«Ианаԥҵаз 2012 шықәса инаркны аконференциа аглобалтәии арегионалтәии ашәарҭадара иадҳәалоу аиҳарак актуалра злоу апроблемақәа иаартны рылацәажәаразы акыр адҵаалара бзиа змоу плошьадканы иҟалеит. Имҩаԥысраны иҟоу афорум аҿы атәылахьчаратә хылаԥшырҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, аексперттәии аполитологиатәи аилазаарақәа рхадацәеи рхаҭарнакцәеи иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы аконструктивра злоу аусеицура арӷәӷәара азы ргәаанагарақәа реибыҳәара азы алшара рыҭахоит», – ҳәа иаҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵо адырраҭара аҿы.


Read 252 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.