АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 14 рзы – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит.  Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟақәеи рҳаҭгәынқәеи ирҭаауеит, урҭ рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

31 шықәса раԥхьа, нанҳәамза   14, 1992 шықәсазы, Аԥсны атерриториа иалалеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа.   Қарҭ ирыӡбеит Аԥсныҟа архәҭақәа аларгаларц. Официалтә мзызқәас иарбан Звиади идгылаҩцәа рыла иаанкылаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роман Гвенцаӡеи ихы ақәиҭтәреи, азвидистцәа рҟынтә аихамҩа ахьчареи. Усҟан ари аихамҩа мацарала акәын Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аидара амҩангара зламҩаԥысуаз. Нанҳәа 11, 1992 шықәсазы азвиадистцәа Жәыргьыҭҟа аиҿцәажәарақәа рзы иааз даҽа жәаҩаҩык Қырҭтәыла аполитикатә усзуҩцәа рӷьычуеит. Усҟан ажәабжь гәарарҵеит урҭ Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иаанкыланы ирымоуп ҳәа, аха уи ҵабыргымызт.

Уи анаҩс Аԥсны аганахьала бџьаршьҭыхлатәи агрессиа ахь икылнагеит.

Қарҭ хықәкыс иаман Аԥсны ҩаԥхьа анапаҿы аагара, убри аан Аԥсны аиҳабыра азықәԥон Қырҭтәылатәи ССР иаланаҵы  Аԥсны автономиатә зинқәа рырҭбаара.

Аибашьра аналагоз аҽны, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иазԥхьагәаҭаны иҟан аҩ-республикак рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаара алацәажәара. Азиндырратә наукақәа рдоктор Тарас Шамба еиқәиршәаз «Ареспублика Аԥсни Ареспублика Қырҭтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа рзы Аиқәшаҳаҭра» апроект алацәажәара азԥхьагәаҭан.  Аха уи зыҟамлаӡеит, ари асессиа еиԥырҟьан ақырҭқәа атәыла ралалара иахҟьаны. Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәылеи Аԥсни  рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыпроблема аӡбаразы арратә мҩа алнахит.  

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа «азыҟаҵара бзиа змоу, Аԥсны атерриториа ампыҵахара хықәкыс измоу аоперациа» аҳасабала иаднакылеит.

Аԥсны аоккупациа рхы аладырхәит ҩ-нызықь-ҩык инарзынаԥшуа «агвардеиццәа», 58 цыра рҟынӡа акәалӡтәы техника, хыԥхьаӡара рацәала артиллериатә шьақәгылагақәа (ареактивтә шьақәгылагақәа «Град», «Ураган» уахь иналаҵаны). «Меч» ҳәа акодтә хьӡы змаз Аԥсны аоккупациа иазкыз аплан  Қырҭтәыла Еиду Амилаҭқәа Реиҩызара ахь ианрыдыркыла ашьҭахь ҩымчыбжь ааҵуаны имҩаԥган.

Аибашьра раԥхьатәи амш Азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба ателехәаԥшрала аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӷацәа аҿагылара рыҭатәуп ҳәа.

Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала атәылаҿы азеиԥш мобилизациа рылаҳәан, 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара, абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы адҵа ҟаҵан.  **

413 мши ҵхи ицоз аибашьра аԥсуа жәлар иргаз аиааирала ихыркәшахеит. 1993 шықәса цәыббра 30 рзы аԥсуа ар атәыла аҵакырадгьыл зегь рнапаҿы иааргеит, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аибашьцәа Аԥсны иалцан. Убри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, ахьыԥшымра нагӡа змоу ҳәынҭқаррак аҳасабала иқәгылеит.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, апоковник Валикәа Пачлиа  (20.11.1945 - 20.04.2021 шш.)  ишәҟәы «Боевые действия в грузино-абхазской войне (1992 – 1993 гг.) Документы и материалы», аԥхьажәа аҿы иҟаиҵо адыррақәа рыла, «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуа еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала рхы аладырхәит 18 150 - ҩык.

Урҭ рахьынтә: аибашьратә хҭысқәа ирылахәын - 13 970 – ҩык,

атылтә маҵзурақәа рҿы - 4 180-ҩык. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡара - 2 310 – ҩык рҟынӡа инаӡон.

Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара: 

Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык.

Мрагыларатәи афронт аҿы - 5 630-ҩык.

Гагратәи афронт аҿы- 1 600-ҩык. (афронт ыҟан 1,5 мзы ирылагӡаны).

Аибашьра аҿы еиуеиԥшым ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иҭахаз ауаа - 2-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит».  

 

___ * АРЕСПУБЛИКА АԤСНЫ ИРЕИҲАӠОУ АСОВЕТ АХАНТӘАҨЫ  В.АРӠЫНБА АЖӘЛАР РАХЬ ИҞАИҴАЗ ААԤХЬАРА

"Сыуаажәлар, шәхаҵкы! Дарбанзаалак ҳтәыла иқәынхо зегь шәахь схы нарханы исҳәоит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаҳдырбеит Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьагылоу. Ҳаԥсадгьыл иақәлеит бџьарла еиқәных иҟоу Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа. Урҭ реилазаара аиҳарак ҳадгьыл аҿы ауаҩшьреи аимҵәареи   иашьҭоу ацәгьоуцәа рыла ишьақәгылоуп. Аха Аԥсны хәыҷы аҿы ас еиԥш агьангьашразы ҵаҵӷәы ыҟамызт иагьыҟам иахьагьы. Ҳара ҭынч ҳаҩны ҳанхон, аӡәгьы ҳаиԥырхагамызт, ииашоуп аимак–аиҿакқәагьы аҭыԥ роулон, ауадаҩрақәагьы ҟалалон. Аха ҳара урҭ ҭынч мҩала аӡбара ҳҽазаҳшәон. Иџьоушьаратәы иҟам Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы иҟаҳҵаз ажәалагала. Урыстәылатәи Афедерациа аҿы афедералтә еиқәшаҳаҭра анаԥҵаз, анапаҵыҩра анымҩаԥгаз аӡәыр аибашьра далагама? Мап! Ажәларқәа аилибакаара ԥшааны анаҩс анхареи аҿиареи рымҩа ианылеит. Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит ҭынч мҩала ҳаизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегь ҳаӡбарц, аха дара атанкқәеи абзарбзанқәеи, ашьрақәеи, арҳәрақәеи рыла аҭак ҟарҵеит. Уи уажәы Қырҭтәыла анапхгара иахагылоу рхаҿы аанарԥшуеит. Уи шьҭа абжьааԥны ишыҟанаҵалоз еиԥш аҿагәыбзыӷрала иаҵәахӡом. Асабрада бааԥсы аҿыхуп.

Қарҭ ақалақьи Қырҭтәыла егьырҭ арегионқәеи рҿы иҟалаз ахҭысқәа раан ақырҭцәа ршьакаҭәара, Гыртәыла агырцәа рышьра, Уаԥстәыла ауаԥсаа рҭархара,  абар шьҭа урҭ ирыцлеит акыр амыҟәмабарақәа зхызгахьоу Ҳаԥсадгьыл ауаԥсыра зегьы. Уи азы ахара зду атәыла уажәтәи анапхгара ауп.  

Сара ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит иахьа Аԥсны зҭагылоу аҭагылазаашьа уадаҩ атәы адунеи аҿы ишырдыруа.  Адунеи аҿы ари агәымбылџьбаратә акциа ӷәӷәала иақәыӡбоит, убас ала ҳара аморалтәи аматериалтәи адгылара ҳақәгәыӷыр алшоит. Ииашоуп, имариаӡам уи алацәажәара уажәы, абарҭ ажәақәа анысҳәо аамҭазы иҟалар ҟалап шәыҩны ақәылара, аимҵәара, ауаа рыларҟәра мҩаԥысуазар! Ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхаразы дзықәгәыӷуа  аныҟам аамҭа хьанҭа ҳҭагылоуп. Аха сеилышәкаа, саргьы акыр исцәыуадаҩуп иахьатәи аҭагылазаашьа, аха агәра ганы сыҟоуп иахәҭоу адгылара шҳауо. Иахьатәи амш инаркны аҭынч уааԥсыра ирылахысуа аҳаиплан аума, аҵәиԥрыга аума, иаразнак илашьҭхоит...    

Абри аҩыза аҭагылазаашьаан ҳара аӡәк иеиԥш иԥшьоу Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы ҳгылароуп! Сара сгәра ганы сыҟоуп ари иуадаҩу аамҭа лыԥхала ҳшалҵуа, аԥсреи арыцҳареи Аԥсны иазаазгаз, Қырҭтәылеи Аԥсни ажәларқәа рыбжьара аиӷара рыбжьазҵаз хымԥада рхьырхәра шҳалшо,  ҳшыриааиуа! "

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса.

Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В.Г.Арӡынба.

 

** АРЕСПУБЛИКА АԤСНЫ ИРЕИҲАӠОУ АСОВЕТ АПРЕЗИДИУМ АҚӘҴАРА

«Атәылаҿы 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара азеиԥш мобилизациа рылаҳәареи абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы» Ақәҵара.  

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа Аԥсны атерриториа алалареи, Ареспублика Аԥсны асуверенитети Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаареи  ашәарҭара аҭаргылареи инарымаданы,  Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум атәылаҿы 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара азеиԥш мобилизациа рылаҳәареи абџьар Аԥсны Аҩныҵҟатәи Архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы азыӡба аднакылеит.

Аҩныҵҟатәи Архәҭақәа рполк акомандаҟаҵаҩ адҵа иҭоуп аполк аҩныҵҟа  хәышә-хәышә ҩык рыла ишьақгылоу абаталионқәа хәба реиҿкаара.  

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса.

Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В. Г. Арӡынба.                                 \          

 

 

 

 


Read 200 times - Ашәахьа, 14 Нанҳәа 2023 22:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.