АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Нанҳәа.2023

Иахьа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагеижьҭеи 31 шықәса ҵит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагеижьҭеи   31 шықәса ҵит.  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ари аибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысит.  

Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц Ахьӡ-Апарк ахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Валери Делбеи, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зынмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә аҭарнакра аиҳабы  Гарри Кәпалба,  Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, хатәгәаԥхарауаа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.   


Read 265 times - Ашәахьа, 14 Нанҳәа 2023 12:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.