Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднесторовтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарауаа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
31 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы, Аԥсны атерриториа иалалеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа. Қырҭтәылатәи архәҭақәа раашьҭра азы аофициалтә мзыс иҟаз, Аҳәынҭсовет иҟанаҵоз адыррақәа рыла, Звиади идгылаҩцәа рыла иаанкылаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роман Гвенцаӡеи жәаҩа-ҩык аҭҟәацәеи Аԥсны иҟоуп, урҭ реиқәырхара ахымԥадатәра иадҳәалоуп ҳәа акәын. Қырҭтәалатәи анапхгара иара убас «аихамҩа ахьчара» ахымԥадатәра иалацәажәон.
413 мшы ицоз аибашьра аԥсуа жәлар иргаз аиааиреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиуреи рыла ихыркәшахеит.