АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Нанҳәа.2023

Пицунда-Мыссратәи аҳәарԥсарра ахатәы лаготип, асаит, иара убас аинформациа-навигациатә система аиуоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Пицунда-Мыссратәи аҳәарԥсарра ахатәы лаготип, афото-видео материалқәа зцу асаит, иара убас аинформациа-навигациатә система аиуоит. Убасҵҟьа, аҳәарԥсарра абнахылаԥшрақәа рыхԥагьы: Пицундатәи, Лӡаатәи, Мыссратәи рахь уназго амҩахәасҭақәа зегьы рҿы адыррарбагатә ҭаӡҩыра хәыҷқәа шьақәыргылахоит.  Уи зегьы злалыршахо Аԥснытәи ауаажәларратә аҿиара афонд «АМШРА» ацхыраара ала ауп.

Пицунда-Мыссратәи аҳәарԥсарра анаукатә усзуҩ еиҳабы Сабина Лобода лажәақәа рыла, аҳәарԥсарра анапхгараҭара аштат аҿы хә-ҩык рыда ыҟаӡам, насгьы зынӡа имаҷу аҳәынҭқарратә финанстәреи ахатәы ԥаратә хархәагақәа разымхареи инамаданы, ауааԥсыра рыбжьара зыҩаӡара ҳараку аилыркааратәи аинформациатәи аусура амҩаԥгара азы алшара ыҟаӡам.   Убри аҟнытә Сабина Лобода аҭыԥантәи амеценатцәа, агәыҳалалратә фондқәа рыбжьара ацхыраара лоуазар ҳәа дашьҭалеит. Лара Пицунда-Мыссратәи аҳәарԥсарра анавигациатә система аԥҵара азы апроект еиқәлыршәеит, анаҩс уи Аԥснытәи ауаажәларратә аҿиара афонд «АМШРА» ахь ахәаԥшразы адгалара ҟалҵеит.  Афонд аҿы уи ианахәаԥш, ианҭырҵаа ашьҭахь, аинтерес зҵоу, жәаҳәарада адгылара зҭаху проектны иԥхьаӡаны ацхыраара аҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит, - ҳәа адырра ҟаҵоуп «АМШРА» Феисбук аҿы адаҟьа аҿы. 

 

 


Read 226 times - Ашәахьа, 14 Нанҳәа 2023 00:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.