Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит.
*** Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
31 ш. раԥхьа, 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы иалагеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз ахҭысқәа ируакны инхаз - 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.
Аӷа мыцҳәарыла ҭынч инхоз-инҵуаз ҳажәлар дрықәлеит, рықәхра, реимҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Урҭ ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла анапхгара ирыӡбеит адипломатиа абызшәа мап ацәкны, бзарбзанлеи танклеи ҳажәлар ирацәажәарц. Иацтәи арецидивистцәа усҟан архәҭақәа рнапынҵа зырҭаз, агыгшәыгра аарԥшуа, атәыла зегьы ашьаҟьара рҽазыркит. Амилаҭ рнырҵәара, аҭынч уааԥсыра рырҳәра, ауаажәларратә мазареи амилаҭтә ҭынхеи реимҵәара Аԥсынтәыла ахи-аҵыхәеи иахыҵәеит. Аха ҳажәлар ргәы еиҭамԥеит, ҳԥыза ду Владислав Арӡынба ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаразы иҟаиҵаз ааԥхьара иадгылеит.
Аԥсуаа реиԥш, аиашара иадгыланы иқәгылеит милаҭрацәала еилоу ҳтәыла ахаҭарнакцәа: аурысқәа, аерманцәа, абырзенцәа, ақырҭқәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Иарӷьажәҩаны иҳавагылеит Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәа, мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, Алада Урыстәылантә, Приднестровиантә, Ашьха Ҟарабахынтә иааны хатәгәаԥхарала аԥсуаа ирыцеибашьуаз зегьы аӡәк еиԥш еидгыланы агрессор иқәцара рылшеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭыртәит.
Аԥсны жәлар иахҭнырҵаз рацәоуп рыԥсадгьыл аҟны аҟазааразы азин. Ишьаарҵәыраз абарҭ аибашьратә хҭысқәа раан имҩаԥысуан ҳҳәынҭқарра аӡрыжәхара, шәышықәсала иззықәԥоз аԥсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ачаԥара.
Хашҭра рықәым Аиааира Амш иахьымӡаз афырхацәа, ҳхырхәоит аиааира ҳзаазгаз ҳветеранцәеи хьӡи-ԥшеи згым ҳажәлари рҿаԥхьа. Иагымзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭынчра, еизҳазыӷьалааит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БЖЬАНИА А. Гь.
Аҟәа ақ. 2023 шықәса нанҳәамза 14.