АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Нанҳәа.2023

Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз афестиваль аҿы апрограмма «Аепохақәа рсаркьа ибжьырҟьаны» ахәаԥшцәа ирыдыргалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шәачатәи амшынтә баӷәаза  «Аҷныш аҵаҟа азал» ҳәа изышьҭоу азал аҿы аусура иалагеит акамертәи абарокатәи амузыка азы ахәбатәи афестиваль.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла инагоу амузыкантцәа ирыцны иқәгылеит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гаделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано), ҳәа иарбоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.

Амузыкантцәа ахәаԥшцәа ирыдыргалеит апрограмма  «Аепохақәа рсаркьа ибжьырҟьаны » – бароко аамҭазы иаԥырҵаз амузыка инаркны ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа рҟынӡа. Бах, Персел, Вивальди, Боельман, уҳәа рырҿиамҭақәа аемоциа зцу  А. Пиацоллеи Д. Гершвини рырҿиамҭақәеи, уимоу ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа Х. Циммери  Л. Еинауди рмузыкеи еилалеит.

 

Шәачатәи амшынтә баӷәаза аҭоурыхтә хыбраҿы иҟоу «Аҷныш аҵаҟа азал» ҳәа изышьҭоу азал, ақалақь аҿы ҿыц иаԥҵоу аконцертә плошьадкақәа иреиуоуп.  Уи иамоу зеиӷьаҟам акустикеи авинтажтә интериери аексклиузивтә программақәеи ирыбзоураны апублика иаразнак рыбзиабара иаԥсахеит.

Афестиваль аԥшьгара ахахьы иагеит  – Шәачатәи акамертә филармониа. Афестиваль мҩаԥысуеит Шәача ақалақь Ахадареи акультура Аусбарҭеи иҟарҵо адгыларала, иара убас аилазаара “Bosco”ацхыраарала, уи абар шьҭа шықәсырацәа инеиԥынкыланы Шәачатәи акамертә филармониа апартниорс иҟоуп.


Read 250 times - Амҽыша, 13 Нанҳәа 2023 23:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.