АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Нанҳәа.2023

Адепутатцәа 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәдырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара аофициалтә саит.

Абиуџьет анагӡара азы инарҭбаау аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақь Ахадара афинансқәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа.

Абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 111 % рыла инагӡоуп.   2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет апараметр хадақәаны ишьақәгылеит:

Ахашәалахәқәа рыла – 1 млрд. 619 млн. 656 нызықь мааҭ,

Аныхтәқәа рыла – 1 млрд.  553 млн. 820 нызықь мааҭ.

Иҳаҩсыз ашықәс азы ахашәалахәқәа аныхтәқәа раасҭа 65 млн. 836 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.  

Абиуџьети ашәахтәқәеи афинансқәеи аекономикеи  азԥхьагәаҭареи рзы есымша аус зуа адепутаттә Комиссиа ахантәаҩы Давид Чхьеиӡе иажәақәа рыла, абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа аизырҳара иабзоураны аҳҭнықалақь аҿы ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазырхаз апроектқәа маҷымкәа рынагӡара алыршахеит.

«Акомиссиа ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ақалақь Ахадара иҳаднагалаз 2022 шықәсазы абиуџьет анагӡаразы аҳасабырба ашьақәырӷәӷәаразы абжьгара ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит Давид Чхьеиӡе.

Аилатәара иалахәыз 12-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 11-ҩык аҳасабырба ашьақәырӷәӷәаразы рыбжьы рҭиит.  

 

 


Read 228 times - Амҽыша, 13 Нанҳәа 2023 23:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.