АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынгәы.2023

Аҟәа имҩаԥысит аӡысразы ареспубликатә турнир.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  28, ахәаша, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара Амш  30- шықәса ахыҵра иазкны аӡысразы иаарту ареспубликатә турнир.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан 6 – 16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара.   

Аӡсаҩ қәыԥшцәа доусы рықәратә категориақәеи разыҟаҵара аҩаӡареи инарықәыршәаны еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы еицлабуан.

Адистанциақәа 50 динаркны 200 метра рҟынӡа инаӡон.

Аицлабрақәа рҿы зхархәара ҟало аӡысразы астильқәа рыла: брасс, баттерфлиаи, зхы иақәыиҭу, бӷала иӡысуан.

Аицлабрақәа ирылагаанӡа игеит Аԥсны агимн.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариа лажәақәа рыла, ари – раԥхьаӡа акәын аӡҭарчы аҿы имҩаԥысуа аӡсразы ареспубликатә турнир ауп, уаанӡа ас еиԥш аицлабрақәа амшын аҿы имҩаԥысуан. Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь ирыҭан ԥхынгәымза,  2022 шықәсазы.  

Атурнир аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Свиатогор Евдокимов (актәи аҭыԥқәа 4), Алеқсандра Козлова (актәи аҭыԥқәа 3), Тихон Макушин (актәи аҭыԥқәа 3), Софиа Жьиба (актәи аҭыԥқәа 2), Алеқсандр Кравец (актәи аҭыԥқәа 2), Дариа Шалина (актәи аҭыԥқәа 2), Амина Аҩӡба, Никита Головиатенко, Дариа Козлова, Нарсоу Ладариа, Марииа Макушина.

Араӡнытә медалқәа ранашьахеит: Даниил Егупов (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Дариа Козлова (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Алеқсандр Кравец (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Нарсоу Ладариа (аҩбатәи аҭыԥқәа 2), Марииа Макушина (аҩбатәи аҭыԥқәа 2),  Николь Аҩӡба, Ирена Бебиа, Руслан Габуниа, Ҭемыр Габуниа, Уахсиҭ Гәажәба, Владислава Задорожнаиа, Камилла Кәирнаӡе, Марианна Миносиан, Даниил Ҭаркьыл, Дариа Шалина.

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Никита Головиатенко (ахԥатәи аҭыԥқәа 2), Наала Ԥлиа (ахԥатәи аҭыԥқәа 2), Амра Џопуа, Даниил Егупов, Нестор Жьиба, Драгомир Журавлиов, Изабелла Иванова, Даниела Каликовскаиа, Даниела Кашковская, Камилла Кәирнаӡе, Мира Кишмариа, Иури Степанов, Дамир Титов, Иван Шалин.

Аӡбаҩ Хада - Елена Вардимади.

Атурнир аиҿкааҩ –  Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

 


Read 330 times - Ахәаша, 28 Ԥхынгәы 2023 18:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.