«Ари ҳара ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳамҭас иаҳҭараны иҟоу алитература имаҷу ахәҭа ауп. Ҳаԥхьаҟа ААУ абиблиотекатә фонд ахарҭәаара хықәыс иҟаҵаны, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахьӡала Мосваҟа ишьҭхо азыҳәаҭа аиқәыршәараан ҳара раԥхьаӡа иргыланы ҳаамҭазтәи арҵагашәҟәқәа, аҵара-методикатә цхыраагӡатәқәа, ҳаамҭазтәи асахьаркыратә литература, уҳәа аҭҵаарадырратә аҭыжьмҭақәа раиуразы ари аҵараиурҭа аҭаххрақәа зегьы ҳасаб азаҳуеит жәаҳәарада», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
28.Ԥхынгәы.2023
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Д. И. Гәлиа ихьӡ зху ААУ абиблиотека ҳамҭас ианаҭеит 500 екземплир инарзынаԥшуа ашәҟәқәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Д. И. Гәлиа ихьӡ зху ААУ абиблиотека ҳамҭас ианаҭеит 500 екземплир инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп афилолгиатә профиль ала азанааҭҵара азы аҵара-методикатә цхыраагӡатәқәа – аурыс классикцәеи ҳаамҭазтәи авторцәеи рсахьарыратә литература. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.