апальматә ԥынҵауи апальматә ԥарԥалыкьи рбиологиа ашьаҭақәа;
Аиндентификациа аметодқәа;
Афҩыҷыда зхылҵуа акыгақәа рышьақәыргылареи ахимиатә хылаԥшра аметодқәеи.
Апальматә ԥынҵау ҳәа изышьҭоу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы раԥхьаӡа акәны Аԥсны ицәырҵит 2016 шықәсазы, усҟан акыр ирацәаны апальмақәа ықәӡааит ари ахәаҷа-маҷа иахҟьаны. Ԥыҭраамҭак ашьҭыхь, 2018 шықәсазы официалла иаарԥшын апальматә ԥарԥалыкь ҳәа изышьҭоу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы. 2017 шықәса инаркны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис уи аларҵәара аанкылареи, иара убри ала ақалақьтә екосистема иузаҟәымҭхо, атуристцәа еснагьгьы рылаԥш зыдхалоз аԥсынытәи апальмақәа реиқәырхареи рзы Аԥсны аекологиа Аинститут активла аус ацура мҩаԥнагоит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис апроект «Ақыҭатә еилазаарақәа ринтересқәа рыхьчаразы ақыҭанхамҩеи абнарақәеи иҭышәынтәалоу рыҿиара» ангӡара активла иалахәхоит UNDP, USAID ҳәа изышьҭоу аиҿкаарақәа.