АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынгәы.2023

Алхас Кәыҵниа Аԥснынтәи инеиз ахәыҷқәа идикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москваҟа, ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы аԥхынтәи ақалақьтәи аклуб «Аиааира Аԥхынра» ахь иааз аԥснытәи ахәыҷқәа дырԥылеит.   

Аԥхынтәи аклуб Поклоннаиа гора ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы иҟоу атәыла Ихадоу арра-ҭоурыхтә Аиааира Амузеи абазала иаԥҵоуп.  

Алхас Кәыҵниа ахәыҷқәа Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы рзеиҭеиҳәеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломтцәа аус ахьыруо аҭоурыхтә хыбра аҩныҵҟа аекскурсиа мҩаԥигеит, иара убас 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Аԥсны жәлар иаадырԥшыз афырхаҵара агәалашәара иаҵоу аҵакы хада атемала ахәыҷқәа дрыҿцәажәеит.  

Алхас Кәыҵниа иара убас агәыԥ анапхгаҩцәа еиҵагыло абиԥара ртәылауаҩра-патриоттә ааӡара иаҵоу аҵакы азы дрыҿцәажәеит.


Read 365 times - Ахәаша, 28 Ԥхынгәы 2023 16:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.