Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, ԥыхьатәи асанаториа ПВО иахьаҵанакуа аинновациатә косметологиеи апластикатә хирургиеи Рыклиника аатуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь аҿы аинспекциатә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны МВО, ПВО ҳәа изышьҭоу ԥыхьатәи арратә санаториақәа иахьрыҵанакуа 10 корпуск рҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Амедицинатә маҵзура анапхгаҩы Оксана Полиакова Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭалҳәеит ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбрақәа руак аҿы аоперациа ҟаҵарҭақәа ҩба, аҳақьымтә уадақәа 9, акосметологиатә палатақәа 6 рыҟаҵара шазԥхьагәаҭоу.
«Аҩ-еихагылак рҿы иатуеит аклиника, актәи аихагыла аҿы аоперациа аҟаҵаразы иаало апрофессорцәа рзы анхарҭатә уадақәа ҟалоит. Аԥснытәи аҳауеи амшыни акыр изҩыдоуп, уи ауаа ргәабзиара арҽеиразы акыр ихәарҭоуп. Араҟа ауаа аамҭак ала ргәабзиара арҽеиреи аԥсшьареи еиларыгӡар ҟалоит», – ҳәа илҳәеит Оксана Полиакова.
Уи лажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит, иахәҭоу аиқәыршәагақәеи амаругақәеи аагахоит.
«Иҟалар алшоит аӡынра ҳара раԥхьатәи апроцедурақәа рымҩаԥгара ҳалагаргьы», - ҳәа лажәа хыркәшо илҳәеит Осана Полиакова.