Аҵиааӡара, шықәсыктәии шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәеи акәыкбаақәеи иаарту анышә аҿы еиԥш иҵахҩангьы реиҭаҳара – 36 млн. 293 нызықь, 761 мааҭ;
Арахәааӡара – 14 млн. 036 нызықьи 514 мааҭ;
аԥсыӡкратә усхкы аҿиара – 2 млн. мааҭ;
аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә культурақәеи аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәеи ачымазарақәеи рҟынтәи ахьчара иазку амаҭәашьарқәа раахәара, иара убас аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә культурақәеи аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәеи ачымазарақәеи рҟынтәи ахьчара иазку аусурақәа рымҩаԥгареи рзы – 10 млн. мааҭ;
ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьреи аус адулареи рзы аарыхра-техникатә база аԥҵареи аҿиареи рзы – 12 млн. 720 нызықь мааҭ;
ақыҭанхамҩатә техника аахәара (атракторқәа, амотоблокқәеи, егьырҭ аԥсахга маҭәахәқәеи) – 24 млн. 109 нызықь мааҭ;
Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥсны аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура Ареспубликатә ветеринартә лабораториа» азы – 840 нызықь мааҭ.