АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны ҩыџьа атәылауаа анхарҭа ахәԥса ашәаразы азинҷыда рыҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 27, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала Ранета Биџьева аҳәынҭқарратә нхаратә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала илыҭахо анхарҭа ахәԥса ашәаразы азинҷыда лыҭахоит.

Ранета  Биџьева – Урыстәылатәи Афедерациа Лугансктәи Жәлартә Республика ицо аибашьра аҿы иҭахаз арепатриант Казбек Биџьев иԥшәмаԥҳәыс лоуп. Лара аҳәынҭқарратә нхаратә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала илыҭахо, Гәылрыԥшь араион, Маҷаоа ақыҭа, Далтәи амҩа, аҩны № 2, ауада №2 ала иҟоу  анхарҭа ахәԥса ашәара аҟынтәи зынӡа лхы дақәыиҭхоит.

 

Анхарҭа ахәԥса ашәара аганахьала азинҷыда иоуеит иара убас Таифун Кәаӡба.

Таифун Кәаӡба аҳәынҭқарратә нхаратә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала иҭахо,  абри аҭыӡҭыԥ: Гәылрыԥшь араион, Аконституциа амҩа, аҩны № 13, ауада №29 ала иҟоу анхарҭа ахәԥса ашәара аҟынтәи зынӡа ихы дақәыиҭхоит.        


Read 386 times - Аԥшьаша, 27 Ԥхынгәы 2023 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.