АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа Адисциплинатә ԥҟаԥҵәа аиҭакрақәа алагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаараҿы «Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа Адисциплинатә ԥҟаԥҵәа» ашьақәырӷәӷәаразы азы ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит.  

Алеишәатә лахьыҭара аусбарҭа анапхгаҩы аиакәымура  азы адырра аниоу инаркны жәамш ирылагӡаны имҩагазароуп, амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгараан, мамзаргьы ашьаусеилыргара ахацыркраан акәзар, усҟан – аамаҵуратә гәаҭара, мамзаргьы ашьаусеилыргара  рхыркәшара ашьҭахь мызкы иахымгакәа, ахара зду ичымазара аамҭа, мамзаргьы иԥсшьараамҭа уахь иналамҵакәа.  

Аиҩызаратә усӡбара азыҳәамҭа инақәыршәаны алеишәатә лахьыҭара мҩаԥгазароуп иарбоу аӡбамҭа аналагалаха нахыс мызкы иахымгакәа.  

Алеишәатә лахьыҭара амҩаԥгара залыршахом аиакәамура ҟалеижьҭеи фымз иреиҳаны иҵхьазар.

Аԥыԥшра, акарулра, мамзаргьы апатрул-ԥыԥшратә маҵзура аан иҟаҵаз аиакәымура азы аиҳабыра змами аиҵбыратә напхгаратә еилазаареи иаҵанакуа ахаҿқәа рганахьала алеишәатә лахьыҭара аҟаҵара аԥыԥшра, акрулра, апатрул-ԥыԥшратә маҵзура  азы рысмена анарҭалак, мамзаргьы егьырҭ ахаҿқәа рыла рҽеиҭныԥсахлара анымҩаԥгахалак  ашьҭахь ауп мацара ианзалыршахо.   Алеишәатә лахьыҭара адҵақәа рыла еиқәыршәахоит. Ҽҳәараанӡа аусдҵа алҩаара азы алаҳәара ҿырҳәала иҟаҵазар алшоит.   

Аусзуҩ иганахьала иҟаҵаз алеишәатә лахьыҭара аԥыхзар алшоит, уи фымз ирылагӡаны ҩаԥхьа аиакәымус ҟаимҵазар, иҿыцны алахьыҭара имоузар.

Аџьшьара аҭара аҳасабала  фымз аԥхьагьы алахьыҭара аԥыхзар ҟалоит.  


Read 343 times - Аԥшьаша, 27 Ԥхынгәы 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.