Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит уажәазы имҩаԥысуа аусурақәа рзы. Уи иажәақәа рыла, иажәхьаз адренажтә система рыԥсахит, адгьыл риашаны ахаҳәцәыла ирчаԥеит.
«Аӡыршә еиҭашьақәыргылоуп, Индоевропатәи ателеграф 13 ҭоурыхтә шьаҟақәа шьақәыргылахоит. Урҭ аамҭак азы иқәган, уажәы еиҭашьақәыргылахоит», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Хара имгакәа апарк аҿы иҟоу акаҳуажәырҭагьы шьақәыргылахоит.
Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгоу аусура ахәшьара ҳарак аиҭеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, имҩаԥгоу аусурақәа рхарџьынҵатә хәыԥса – 17 млн. 936 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цәыббрамза 30 аҟынӡа ихаркәшахароуп.