АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа Агәаҭара-аужьҭратә Пункт «Ԥсоу» аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Гагра. Ԥхынгәымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Агәаҭара-аужьҭратә Пункт «Ԥсоу» аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уи рхы аладырхәит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рустам Латипов.

Рустам Латипов адырра ҟаиҵеит аҵыхәтәантәи аамҭазы аинфраструктура аҿиараҟны,  Агәаҭара-аужьратә пункт «Ԥсоу» аҟны аҳәаахәчаратә нариадқәа аррмаҵзура рахысразы алшарақәа раԥҵаразы рзы акыр аихьӡарақәа шыҟоу. «Ҳазҭагылоу аамҭазы амаҵзура ахысразы изызрыцҳау ҳәа акгьы ыҟаӡам», - Латипов.

Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит аҳәааҟны амаҵзура иахысуа зегьы рзы аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу, ари аҳәаахьчаратә проблемақәа рыӡбараҟны ацхыраара ҟазҵаз абизнесуаа ишрыбзоуроу.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иганахьала иазгәеиҭеит лассы аҳазалхырҭа аҭыԥ аҟны ахыбра ҿыц шыргылахо, ара аидарақәа шәҟәыла реиқәыршәарагьы шымҩаԥысло, аррмаҵзура иахысуа рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵахо. Уи аргыларазы ахарџьынҵала 21 млн мааҭ аҭаххоит, 7 млн мааҭк уажәнатә иазоужьуп.

Иацҵаны иҳәеит иахьагьы АҲЕ аусзуҩцәа русуразы, иара убасгьы рыԥсшьаразы, аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵоу, аус ауеит акрыфарҭа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҳәеит ААП аҟны амилициа аҟәша апункт аҭагылазаашьа шыбзиам, убри аҟнытә хара имгакәа уи аиҭарҿыцра азҵаара ишахәаԥшхо.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәааҟны автотранспорттә ныҟәара аҳәаақәҵаразы аусура мҩаԥнагеит. Иҟоуп апассаџьырцәа рааира аус амҩақәҵара еиӷьызтәыша ажәалагалақәак.

«Аҳәааҟны имҩаԥырго амаҵзура иацу ауадаҩрақәа зегьы еилкааны иҳамоуп. Убри аан амаҵзурақәа зегьы ирыдаҳҵоит аусура еиҿкааны амҩаԥгара, ауаа ҳаҭырла рызныҟәара, раԥхьа иргыланы – ҳасасцәа. Иаҳхаҳмыршҭлап, Аԥсназы раԥхьатәи агәаанагара аҳәаа ианахысуа ауп ианроуа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

 


Read 280 times - Аԥшьаша, 27 Ԥхынгәы 2023 15:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.